Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Омар Беигәаа 120 шықәса ихыҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа аусура иалагеит

© Sputnik / Наала ГумбаАҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа.
Аҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Иналукааша аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, ашәҟәыҩҩы, аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра аҳаҭыраз Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы мшаԥы 12 рзы иаатит аҭҵаарадырратә сессиа.
Асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳазҭалаз ашықәс азы зҭыҵра алыршахаз Омар Беигәаа иусумҭақәа реизга 5 томк ӡырган. Аусмҩаԥгатә иалахәын аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, абызшәадырыҩцәа, ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа, астудентцәа.
Аконференциа аартуа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҵарауаҩ Омар Беигәаа ҳҭоурыхи ҳаҭҵаарадырреи рыҟны имч-илша хәы змам доуҳатә беианы ишаанхо.
© Sputnik / Наала ГумбаАҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа.
Аҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Аҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа.
"Омар Беигәаа шаҟа ҳилацәажәо, дҭаҳҵаауа аҟара, еиҳа-еиҳа дҵауланы дааԥшуеит. Аԥсуа жәлар ҳамацара ҳадагьы, аԥсуа-база жәларқәа рыгәҭаны длашарбаганы, дҿаҳәҳәаганы, дҟалеит. Уи наунагӡа ихьӡ кашәара ақәым", - иҳәеит Ашәба.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы еизаз ирзеиҭеиҳәеит Омар Беигәаа иусумҭақәа 5-томкны реизга аҭыҵра шалыршахаз.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Омар Беигәаа ирҿиаратә ҭынха аиқәыршәаҩцәа рыхьӡала иааишьҭыз ашәҟәы даҧхьеит аҭҵаарадырреи акультуреи рзы атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа. Уаҟа иазааҭгылан аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы Омар Беигәаа еиԥш иҟоу аҵарауаа ирызкны имҩаԥырго аконференциақәа шҿырԥшыга бзиоу ԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа рзыҳәан. Насгьы иазгәаҭан Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара ианакәзаалак Омар Беигәаа ихаҭара еиԥш, ирҿиамҭақәагьы еснагь ахаҵгылареи азҿлымҳареи шрырҭо атәы.
Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит аҵарауаҩ илагала шырацәоу ҳдаиспореи ҳареи ҳабжьара аимадара бзиа ашьақәыргылара аус аҟны.
"Аԥсуа хылҵшьҭрақәа ҳаимадареи, ҳаибабареи, ҳдоуҳа еилаҵәареи рыҟны ахәшҭаарамца еиқәызҵоз дыруаӡәкын Омар Беигәаа. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл агәыблыра иаҵагылаз, иазааԥсаз, ҵарауаҩ дуны даанхоит наӡаӡа", - иҳәеит Нугзар Логәуа.
© Sputnik / Наала ГумбаАҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа.
Аҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Аҵарауаҩ, апоет Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазку 66-тәи Аихшьала-ҭҵаарадырратә сессиа.
Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа, апоет, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Владимир Занҭариа, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Оқҭаи Чкотуа, ашәҟәыҩҩы-аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба, аҵарауаҩ Денис Чачхалиа, С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырба, ажурналист, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Альбина Анқәабԥҳа уҳәа.
Аҭҵаарадырратә еилатәара зхы ззаламырхәыз Аԥсуа-абаза Жәлар Рконгресс аиҳабы Мусса Екзакь, Аԥсуаҭцаарадырратә институт адиалектологиатә лабораториа аҭҵарадырратә усзуҩ Маҳинур Папаԥҳа, ААР академик Мушьни Лашәриа иаарышьҭыз ражәахәқәа дрыԥхьеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Иара убас онлаин-аформат ала ишиашоу аефир аҿы иқәгылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҳақан Беигәааи аԥсуа адиаспора ахаҭарнакцәа гәыԥҩыки.
Ажәахәҟаҵаҩцәа еицҿакны иазгәарҭон мшыннырцә иҟоу ҳаԥсуа жәлар рыбжьара аимадара мыӡырц, иҿиартә, еизҳартә еиԥш аџьабаа дуӡӡа збаз аҵарауаҩ нага Омар Беигәаа иҭҵаарадырратә мҩа, уи ижәлар ирзынижьыз иҭынха ԥсра зқәым баҟаны ишаанхо атәы.
Омар Беигәаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2016
Гогәуа: Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп
"Омар Беигәаа илшеит ҳџьынџьуааи ҳареи аԥхарра бзиа ҳабжьаҵара. Ас еиԥш иҟоу аҵарауаа рыҭҵаамҭақәа доуҳатә беиароуп, ҳлитературеи ҳбызшәеи ӡырызго акакәны иаанхоит, уи еиҳау гәадуроуп", - ҳәа иҳәеит иқәгылараҟны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Убас, аҭҵаарадырратә еилатәара онлаин аформат ала далахәын Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беигәаа Ҳақан. Анаҩс идырбан Омар Беигәаа изку "Ҩыџьа аԥааимбарцәа" зыхьӡыз адокументалтә фильм.
Омар Беигәаа изкыз аихшьаала-ҭҵаарадырратә конференциаан иқәгылеит ААУ астудентцәа. Урҭ ирыԥхьеит аҵарауаҩ иажәеинраалақәеи исалам шәҟәқәеи. Аконференциа мҩаԥыслоит мшаԥы 14-нӡа.
Омар Беигәаа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны аҭоурыхи афольклори ирызку аусумҭақәа. Аҵарауаҩ иусумҭақәа рыҟнытә зегь реиҳа ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ҩ-томкны иҟоу "Ауаҩытәыҩсатә цивилизациа аира раԥхьатәи аамҭақәа ирызку Кавказтәи ахыҵхырҭақәа" ҳәа хьӡыс измоу аусумҭа. Аҵарауаҩ иԥсы ахьынӡаҭаз аџьабаа ду адиҵеит адиаспора аҭоурых анҵара, уи ашәҟәҭагалара, иҩхьан адиаспора иналукааша ахаҭарнакцәа рацәаҩны рнысмҩақәагьы.
Беигуаа Омар. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2017
Емма Кьылԥҳа Омар Беигәаа изкны: дзықәныҟәоз ихатә ԥҟарақәа иман
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идҵала Омар Беигәаа ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара.
Омар Беигәаа иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз, 2001 шықәсазы. Анышә дамадоуп Сҭамԥыл, иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз ақалақь аҟны. 2013 шықәсазы, Арепатриацциазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала Аҟәа иаартын Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0