Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа ԥкуп мшаԥы 19 аҟынӡа

© Sputnik / Mikhail Voskresenskiy / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолеты на стоянке в аэропорту Внуково
Самолеты на стоянке в аэропорту Внуково - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла егьырҭ аҳаиртә баӷәазақәа, жәларбжьаратәқәагьы налаҵаны уаанӡа еиԥш аус руеит.
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Урыстәыла аладатәи ахәҭеи агәахьи аԥыррақәа ԥкуп мшаԥы 19 аҟынӡа ҳәа адырра ҟанаҵоит Росавиациа.
Урыстәыла аладатәи акалҭахь аԥырра аамҭалатәи аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп. Аамҭала аԥыррақәа ԥкуп: Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьик, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭара.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит апассаџьырцәа рымҩаԥгаразы аԥырратә еилахәырақәа ирабыжьгоуп даҽа хырхарҭамҩак рхы иадырхәаларц: Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва ҳәа.
Росавиациа атәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа русура ааныркылеит жәабран 24 азы, урҭ аҵакырақәа шәарҭаны иԥхьаӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0