Белоусов иҳәеит Урыстәыла афатәаалыҵ ҭаҵәахқәа шеиҭашьақәдыргыло

© Sputnik / Варвара ГертьеПодсолнечное масло в магазине "Лента" в Иваново
Подсолнечное масло в магазине Лента в Иваново - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Анапаҵаҩра
Мраҭашәара Урыстәыла иадҟанаҵалаз асанкциақәа еиԥырҟьеит ахәаахәҭратә мҩақәа, ицәырыргеит аахәаҩцәа рыбжьара атауарқәа рзымхар ауеит ҳәа ашәара. Ауаа хыԥхьаӡара рацәала атауарқәа раахәара иалагеит.
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputniк. Урыстәыла ахәаахәҭра аусхк аҿы аалыҵ ҭаҵәахқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, иахьазы ари аус хылаԥшра аҭоуп, аҭагылазаашьа маншәалоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Андреи Белоусов Афедерациатә хеилак аҟны ицәажәара шьаҭас иҟаҵаны.

"Акакалатәи хәаахәҭраҿы аҵәахқәа реиҭашьақәыргылара ҳалагеит. Атауар хадақәа рганахьала зегь ҭышәынтәалоуп. Ашьақар аганахьала ҩымчыбжьтәи аҭаҵәах харҭәаауп, азеҭ аганахьала – хәымчыбжьтәи, ачашылеи арыцлыхқәеи – хәба-фба мчыбжьы, ахәыҷқәа рыфатә – 10-12 мчыбжьы", - иҳәеит Белоусов.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ахәқәа рыцлара зыхҟьаз аимпорт аанкылареи уи иацыз ашәарақәеи роуп. Акраамҭа ирҵәахуа атауари ифатәаалыҵым атауари рҭаххара хәажәкырамзазы 30% иазҳаит уаанӡа аасҭа, ачашыла, ашьақар, азеҭ уҳәа рҭаххара ҩынтәны иацлеит.
Урыстәыла аиҳабыра иалшо зегь ҟарҵеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы. Ахәаахәҭратә ҳақәеи аҭыжьыҩцәеи аус рыцыруит, иаԥдырҟәҟәаауан абжьахәаахәҭратә ҭагылазаашьақәа.
Женщина в продуктовом магазине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Аԥсны
Озган: Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам
Уи адагьы аиҳабыра иааннакылеит афатәаалыҵи ақыҭанхамҩаалыҵи атәыла алгара, иладырҟәит аҳазатә ԥкрақәа афатәаалыҵ атәылахь алагалараан.
Асанкциақәа рышьҭахь ахәқәа шьҭыҵит 2% рыла мчыбжьык аҩнуҵҟа, уажәы илаҟәит 1% аҟынӡа, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы - 0,7%.
Уаанӡа Урыстәыла адунеитә џьармыкьақәа рахь ачалыҵ рацәаны инарышьҭуазар, уажәы аекспорт азин ааныркылеит азымхара ҟамларцаз. Рашәара 30 рҟынӡа ари аԥкра амч амазаауеит. Арахь иаҵанакуам: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Донецки Лугански ареспубликақәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габуниа афатә-ажәтә ахәқәа рышьақәгылара акризис аамҭазы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габуниа афатә-ажәтә ахәқәа рышьақәгылара акризис аамҭазы
Ажәабжьқәа зегьы
0