https://sputnik-abkhazia.info/20220413/zhlaryk-roup-zykhshaz-abaza-yra-aoizhoi-90-shysa-akhyra-amsh-azgareit-aa-1038636571.html
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса аҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса аҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, ААУ аҟны иазгәарҭеит абаза милаҭтә ҩыра аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра... 13.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-13T18:58+0300
2022-04-13T18:58+0300
2022-04-13T20:55+0300
ажәабжьқәа
аԥсны
ауаажәларра
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0d/1038638005_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_70bd2a38256d46a7e01d3c82bf3f5a85.jpg
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны мшаԥы 13 рзы иазгәарҭеит абаза милаҭтә ҩыра аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара. Ари амш азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааит Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, еицырдыруа абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сергеи Пазов, Ҟарачы-Черқьесиа иҟоу Аԥсуа-абаза жәлар ретнос арҿиареи аиқәырхареи иазку аиҿкаара "Алашара" ахаҭарнакра напхгара азҭо Мураҭ Муков, убас уи аиҿкаара аусзуҩ Беслан Маршьан.Аныҳәатә еилатәара иара убас иалахәын аҵарауаа - абызшәаҭҵааҩцәа, алитератураҭҵааҩцәа, "Аԥсуа-абаза аконгресс" ахаҭарнакцәа, аспирантцәа, астудентцәа.Аилатәара аартуа, афилологиатә факультет адекан, аҵарауаҩ Баҭал Хагәышь иазгәеиҭеит абаза жәлари аԥсуа жәлари архнышьнак еиҩызшаз, ахааназ еиҟәыгара змам жәларны ишаанхо атәы, насгьы иҳәеит иарбан уадаҩразаалак аиашьаратә жәларқәа еснагь аидгылара шаадырԥшуаз.ААУ афилологиатә факультет астудентцәа аԥхьеит "Абраскьыл акәасҭӷа еиҩызшаз" захьӡу, еибызшәаку, ҭоурыхла еизааигәоу ҳашьцәа абазақәа рнысымҩа атәы зҳәо, убас еицырдыруа абызшәаҭҵааҩцәа Кавказ иқәынхо ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа ирызкны рыҭҵаамҭақәа ирзааҭгылеит, ирыхцәажәеит, ирыԥхьеит ажәеинраалақәа.ААУ Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб иқәгылараҟны дазааҭгылеит абаза жәларқәеи ҳареи еижәларыку, еицҭаацәоу, шьак еицызлоу ҳакәны ҳшаанхо наӡаӡа."Абаза жәлари аԥсуа жәлари ҳажәа сахьарк ишаҳәо еиԥш, Кавказ ашьха дуқәа ирыбжьагылоу арма жәҩеи арӷьа жәҩеи еихылҵыз, еизааигәаӡоу жәларуп. Шаҟа ҳаибабара ҵаулоу аҟара, еиҳа ҳаӷәӷәахоит", - ҳәа иҳәеит Ахра Анқәаб.Аусмҩаԥгатә иалахәыз зегьы еицҿакны иазгәарҭон бызшәада амилаҭ милаҭны шьақәгылашьа шрымам, ухатәы бызшәа инаҷыданы, хымԥада, иудыруазароуп иузааигәаӡоу ажәларқәа рҭоурых, рбызшәа, рхыҵхырҭа.Анаҩс ажәа иман абаза бызшәа аҭҵааҩы, аҵарауаҩ Сергеи Пазов. Иара даԥхьеит абаза бызшәа аҭоурых ацәырҵра иазку алекциа. Уаҟа дазааҭгылеит абызшәа ахыҵхырҭа, иарбан еиҭакрақәоу изыниаз, ажәытәӡатәи аҭоурыхтә фактқәа ааигеит, дрыхцәажәеит. Алекциа анҵәамҭазы ҿырԥштәык аҳасабала абаза ажәақәа ааганы, алфавит аиҭакра атәы далацәажәеит, акласс ӷәаҟны идирбеит.Абаза милаҭтә ҩыра аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра аҳаҭыр азы ААУ арҵаҩратә еилазаареи У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет аректорати рыбжьара еимырдеит аҳаҭыртә шәҟәқәа.Уи иаԥсахеит ААУ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент Ева Ҭаниаԥҳа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ната Лыхԥҳа, ААУ афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Баҭал Хагәышь, ААУ Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа, академик Чрыгба В.А., Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Арда Ашәба, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагба, В.К. Аргәын ихьз зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 аиҳабы Лиудмила Ристова, аԥсуа бызшәа акафедра №1 арҵаҩы Расидац Ҭаниаԥҳа, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Инал Гыцба, Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет напхгара азҭо Алиса Инаԥшьԥҳа.Иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан Жәлар рхеилак "Абаза" ахантәаҩы Умар Кончев, апоетесса Фатима Апсова, агазеҭ "Абазашҭа" анапхгаҩы Аминаҭ Дзугова, абызшәаҭҵааҩы Сергеи Пазов, Аԥсуа-абаза жәлар ретнос арҿиареи аиқәырхареи иазку аиҿкаара "Алашара" ахаҭарнакра напхгара азҭо Мураҭ Муков, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Токова.Аныҳәатә еилатәара ахыркәшамҭаз идырбан "Хҩык аишьцәа" захьӡу акинофильм.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0d/1038638005_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_331d48b0b54fb38e8a5219cc2ee575ca.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, акультура
ажәабжьқәа, ауаажәларра, акультура
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса аҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
18:58 13.04.2022 (ирҿыцуп: 20:55 13.04.2022) Наала Гәымԥҳа
Sputnik акорреспондент
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, ААУ аҟны иазгәарҭеит абаза милаҭтә ҩыра аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны мшаԥы 13 рзы иазгәарҭеит абаза милаҭтә ҩыра аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.
Ари амш азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааит Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, еицырдыруа абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сергеи Пазов, Ҟарачы-Черқьесиа иҟоу Аԥсуа-абаза жәлар ретнос арҿиареи аиқәырхареи иазку аиҿкаара "Алашара" ахаҭарнакра напхгара азҭо Мураҭ Муков, убас уи аиҿкаара аусзуҩ Беслан Маршьан.
Аныҳәатә еилатәара иара убас иалахәын аҵарауаа - абызшәаҭҵааҩцәа, алитератураҭҵааҩцәа, "Аԥсуа-абаза аконгресс" ахаҭарнакцәа, аспирантцәа, астудентцәа.
Аилатәара аартуа, афилологиатә факультет адекан, аҵарауаҩ Баҭал Хагәышь иазгәеиҭеит абаза жәлари аԥсуа жәлари архнышьнак еиҩызшаз, ахааназ еиҟәыгара змам жәларны ишаанхо атәы, насгьы иҳәеит иарбан уадаҩразаалак аиашьаратә жәларқәа еснагь аидгылара шаадырԥшуаз.
"Аԥсҭазаара еиуеиԥшым аҭагәҭасрақәа ҳаргәылсхьеит, аха еицаҳзеиԥшу ҳҭоурых ҳмырӡит, иҳахьчеит. Зегь рыла ҳаимадоуп, убарҭ аимадарақәа рҳәаақәа ырҭбаауа ҳҿынаҳхар, аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу агәра згоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
ААУ афилологиатә факультет астудентцәа аԥхьеит "Абраскьыл акәасҭӷа еиҩызшаз" захьӡу, еибызшәаку, ҭоурыхла еизааигәоу ҳашьцәа абазақәа рнысымҩа атәы зҳәо, убас еицырдыруа абызшәаҭҵааҩцәа Кавказ иқәынхо ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа ирызкны рыҭҵаамҭақәа ирзааҭгылеит, ирыхцәажәеит, ирыԥхьеит ажәеинраалақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
© Sputnik / Томас Тхайцук Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
© Sputnik / Томас Тхайцук Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
© Sputnik / Томас Тхайцук Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
© Sputnik / Томас Тхайцук Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
Жәларык роуп ҳзыхшаз: абаза ҩыра аԥҵоижьҭеи 90 шықәса ахыҵра амш азгәарҭеит Аҟәа
ААУ Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб иқәгылараҟны дазааҭгылеит абаза жәларқәеи ҳареи еижәларыку, еицҭаацәоу, шьак еицызлоу ҳакәны ҳшаанхо наӡаӡа.
"Абаза жәлари аԥсуа жәлари ҳажәа сахьарк ишаҳәо еиԥш, Кавказ ашьха дуқәа ирыбжьагылоу арма жәҩеи арӷьа жәҩеи еихылҵыз, еизааигәаӡоу жәларуп. Шаҟа ҳаибабара ҵаулоу аҟара, еиҳа ҳаӷәӷәахоит", - ҳәа иҳәеит Ахра Анқәаб.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз зегьы еицҿакны иазгәарҭон бызшәада амилаҭ милаҭны шьақәгылашьа шрымам, ухатәы бызшәа инаҷыданы, хымԥада, иудыруазароуп иузааигәаӡоу ажәларқәа рҭоурых, рбызшәа, рхыҵхырҭа.
"Иахьа игәырӷьароуп ҳаиашьаратә жәларқәеи ҳареи аимадара ахьҳабжьоу. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ҳара иҳалшеит аԥсуа литература акафедраҟны Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәа рлитература алагалара. Хазы иаԥхьоит абаза литература, аҟабарда литература. Иҭҳажьит арҵагатә цхыраагӡа адыга литературазы, ааигәа аҭыжьразы ираҳҭеит абаза литературазы", - ҳәа лҳәеит аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа.
Анаҩс ажәа иман абаза бызшәа аҭҵааҩы, аҵарауаҩ Сергеи Пазов. Иара даԥхьеит абаза бызшәа аҭоурых ацәырҵра иазку алекциа. Уаҟа дазааҭгылеит абызшәа ахыҵхырҭа, иарбан еиҭакрақәоу изыниаз, ажәытәӡатәи аҭоурыхтә фактқәа ааигеит, дрыхцәажәеит. Алекциа анҵәамҭазы ҿырԥштәык аҳасабала абаза ажәақәа ааганы, алфавит аиҭакра атәы далацәажәеит, акласс ӷәаҟны идирбеит.
Абаза милаҭтә ҩыра аԥҵоуижьҭеи 90 шықәса аҵра аҳаҭыр азы ААУ арҵаҩратә еилазаареи У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет аректорати рыбжьара еимырдеит аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Уи иаԥсахеит ААУ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент Ева Ҭаниаԥҳа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ната Лыхԥҳа, ААУ афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Баҭал Хагәышь, ААУ Владимир Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа, академик Чрыгба В.А., Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Арда Ашәба, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагба, В.К. Аргәын ихьз зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 аиҳабы Лиудмила Ристова, аԥсуа бызшәа акафедра №1 арҵаҩы Расидац Ҭаниаԥҳа, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Инал Гыцба, Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет напхгара азҭо Алиса Инаԥшьԥҳа.
Иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан Жәлар рхеилак "Абаза" ахантәаҩы Умар Кончев, апоетесса Фатима Апсова, агазеҭ "Абазашҭа" анапхгаҩы Аминаҭ Дзугова, абызшәаҭҵааҩы Сергеи Пазов, Аԥсуа-абаза жәлар ретнос арҿиареи аиқәырхареи иазку аиҿкаара "Алашара" ахаҭарнакра напхгара азҭо Мураҭ Муков, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Токова.
Аныҳәатә еилатәара ахыркәшамҭаз идырбан "Хҩык аишьцәа" захьӡу акинофильм.