https://sputnik-abkhazia.info/20220414/ashana-zhashysa-zkhyua-nikol-argyna-lzy-aareizgara-ialageit-1038643823.html
"Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
"Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
Sputnik Аҧсны
Фышықәса раԥхьа урыстәылатәи амедусзуҩцәа Николь Аргәынԥҳа асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лыдырбалеит. 14.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-14T09:40+0300
2022-04-14T09:40+0300
2022-04-14T09:51+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0c/1032821189_0:0:2601:1463_1920x0_80_0_0_91ae11d9d20777533887454d87bb5afb.jpg
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит. Аӡӷаб асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лымоуп.2018 шықәсазы лара москватәи ахәышәтәырҭаҿы атерапиа ҷыда дахысит. Уи ашьҭахь лҭагылазаашьа еиӷьхеит. Уи аахыс Николь аҽыхәышәтәра акурсқәа ԥшьба дырхысит. Аха 2021 шықәсазы алаԥсра адагьы лныҟәашәа аҽеиҭанакит, ларӷьанап амч кәадахеит.Николь афбатәи акласс аҿы дтәоуп. Зегь реиҳа бзиа илбоит абаҩрҵәыреи, аматематикеи, ашәаҳәареи, асахьаҭыхреи. Лара аҩызцәа рацәаҩны илымоуп, аурокқәа рышьҭахь еицыхәмаруеит. Николь илҭахуп лгәы бзиаханы амаланыҟәа ақәтәашьа лҵарц.Ахәыҷы лыцхраашьақәа ртәы еилышәкаар ҟалоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.
https://sputnik-abkhazia.info/20210712/Asha-o-asazaara-ianu-Ashana-Nikol-Argyn-lzy-aareizgara-ialageit-1032822461.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0c/1032821189_101:0:2416:1736_1920x0_80_0_0_a0ac4e3d897555662be1c1ef5a797382.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
"Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
09:40 14.04.2022 (ирҿыцуп: 09:51 14.04.2022) Фышықәса раԥхьа урыстәылатәи амедусзуҩцәа Николь Аргәынԥҳа асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лыдырбалеит.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит. Аӡӷаб асимптоматикатә епилепсиа, ахбаҩлашатә дабласра, армарахьтә гемипарез лымоуп.
2018 шықәсазы лара москватәи ахәышәтәырҭаҿы атерапиа ҷыда дахысит. Уи ашьҭахь лҭагылазаашьа еиӷьхеит. Уи аахыс Николь аҽыхәышәтәра акурсқәа ԥшьба дырхысит. Аха 2021 шықәсазы алаԥсра адагьы лныҟәашәа аҽеиҭанакит, ларӷьанап амч кәадахеит.
Дызхәышәтәуа аҳақьым иажәақәа рыла, Москва Аҭҵаарадырра-практикатә центр аҿы лҽыхәышәтәра иацлымҵар, лхьаа еиҭалызцәырҵуеит. Уи азы Николь аҽазныкгьы лхы ҭылҵаароуп. Уи азы еизгатәуп 250 000 мааҭ.
Николь афбатәи акласс аҿы дтәоуп. Зегь реиҳа бзиа илбоит абаҩрҵәыреи, аматематикеи, ашәаҳәареи, асахьаҭыхреи. Лара аҩызцәа рацәаҩны илымоуп, аурокқәа рышьҭахь еицыхәмаруеит. Николь илҭахуп лгәы бзиаханы амаланыҟәа ақәтәашьа лҵарц.
Ахәыҷы лыцхраашьақәа ртәы еилышәкаар ҟалоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.