Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи С-400, УА рверталиот, Бриансктәи аобласт аҭынчуааԥсыра ирылахысуаз карыжьит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРСЗО "Град" НМ ДНР в районе села Новотроицкое
РСЗО Град НМ ДНР в районе села Новотроицкое - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла арратә операциа иалагазар аахыс иҭанархахьеит Украина аҳаирпланқәа 132, аверталиотқәа 105.
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Черниговтәи аобласт аҟны Урыстәылатәи С-400, УАМ рверталиот Ми-8, Бриансктәи аобласт аҭынч уааԥсыра ирылахысуаз карыжьит, Харковтәи аобласт аҿы аҳауаҽацәыхьчаратә ар иҭадырхеит украинатәи Су-27 ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра хаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

Уахык иалагӡаны аракетақәа рыла ааха рыҭан Украина арратә хыбрақәа быжьба. Арахь иаҵанакуеит атактикатә ракета "Точка-У" аҭырҟьагеи украинатәи амилаҭтә еиҿкаарақәа ргыларҭеи. Иҭархоуп 20 ак акәылӡтехникеи 50-ҩык амилаҭеилыхыҩцәеи.

Уи адагьы иҭархоуп украинатәи арратә техника агыларҭақәеи аракета-артиллериатә абџьари абылтәи рыҵәахырҭақәеи.
Урыстәылатәи аракетатә ар Харковтәи аобласт аҿы иҭадырхеит 30-ҩык инарзынаԥшуа польшатәи қьырала еибашьуа ар ргәыԥ.
Иара убасгьы авиациа ааха рнаҭеит Украина арратә хыбрақәа 13.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 132 ҳаирыплан, 105 верталиот, 456 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 245 зенит-ракетатә комплекс, 2 213 танки акәылӡымашьынеи, 2 439 реактивтә система, 966 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 2 110 ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0