Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаб адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭусбарҭақәа рҿы закәаншьаҭада аусура аидбалара алмыршахаларц

© Sputnik / Томас ТхайцукАлександр Анкваб
Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Урыстәыла аԥаразоужьра ахархәашьа агәаҭараан иаарԥшын 2019-2021 шықәсқәа рзы аилагарақәа шыҟаз.
АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуаа адҵа риҭеит аамҭакьаҿла ашәҟәы аус адыруларц. Уаҟа иазԥхьагәанаҭароуп Урыстәыла ацԥаразоужьра апрограммала ауалафахәыцҵа зауа аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа аштаттә зыԥҵәақәа рҿы аусура аидбалара алмыршара. Абри атәы аанацҳауеит Аиҳабыра рсаит.
Анқәаб иазгәеиҭеит ашәҟәы ашьақәырӷәӷәаразы Аминистрцәа реилазаарахь инарышьҭыр шакәу.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ацԥаразоужьра апрограммала ауалафахәцҵа ахьроуа аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа абри аӡбразы аҭакԥхықәра иаҵагылароуп. Ус анакәымха, апрограмма ркьаҿхоит.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишьақәгылоу аиқәшаҳаҭрала 2015 шықәса раахыс аамҭа-аамҭала абиуџьет аусхк аҟны хаз игоу аҟазауаа ркатегориақәак рџьахә иацырҵоит.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Урыстәыла аԥаразоужьра агәаҭараан иаарԥшын 2019-2021 шықәсқәа рзы аилагарақәа шыҟаз.
Ишьақәыргылан аусуҩцәа рсиа. Аусуҩцәа рхыԥхьаӡара ахьеиқәымшәоз мзызс иамоу ҩыџьара аусура ахьеидырбало ауп ҳәа азгәаҭан.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара ахархәараҿы аилагарақәа аарԥшуп
Ажәабжьқәа зегьы
0