Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР апровокациа шьаҭа змоу адыррақәа аладмырҵәаразы ааԥхьара ҟанаҵоит

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы амессенџьерқәеи асоциалтә ҳақәеи рҿы иаларҵәан зыԥсихика еиҭашәоу ахаҵа Гагра араион аҿы дырбеит ҳәа. Аԥсны ААР ари аинформациа шьақәнарӷәӷәом.
АҞӘА, мшаԥы 20- Sputnik. Аԥсны ААР апровокациа шьаҭа змоу адыррақәа аладмырҵәаразы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.

"Мшаԥы 19 азы асоциалтә ҳақәа аԥснытәи рсегмент ала иаларҵәан Бзыԥ иахьаҵанакуа хаҵак ашколхәыҷқәа мчыла игарц иҭахын ҳәа ииашам аинформациа. Аха асеиԥш афакт ыҟамызт. Гагра араион ААР аусзуҩцәа ари аинформациа аҵареи амцреи еилыркаауеит", - аҳәоит аусбарҭа арелиз аҿы.

Уа иарбоуп асеиԥш ахҭыс аҭыԥ аман ҳәа аӡәгьы џьаргьы дшымашшыц, ддшыдымҵаалац, агәрагаратә ҭел-цәаҳәа алагьы дыррак шыҟам.
Иахьазы зықәра намӡац русқәа рзы аинспекциа ашколқәа рҿы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара аилыркааратә цәажәарақәа мҩаԥыргоит. Зыԥхьагәаҭарак аҳасаб ала апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿ амбулатортә ҭаҩра змоу зегь ргәаҭара мҩаԥыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0