Аиноагентцәа Урыстәыла ахәыҷқәа рҵараҵара аус ахалархәра азин роуам

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве.
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны дарбанзаалак ахаҿы итәылауаҩра иахьмырԥшкәа "аҳәаанырцәтә агент" ҳәа дшьоуп "аҳәаанырцәтә хыҵхырҭа аинтересқәа рзы" Урыстәыла аполитикатә ус неигӡозар.
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәыла иноагент ҳәа ишьоу атәылауаа, аиҿкаарақәа азин рыҭахом арҵаратә, арккаратә, ааӡаратә усура амҩаԥгара ҳәа аанацҳауеит аофициалтә Telegram-канал аҿы Аҳәынҭдума акомиссиа.

"Хаҭала азин ҟаҵахом аҳәаанырцәтә агентцәа Урыстәыла ахәыҷқәа ирнырыртә аҭагылазаашьа. Урыстәыла иноагент ҳәа ишьоу атәылауаа, аиҿкаарқәа азин рыҭахом ақәыԥшцәеи ахәыҷқәеи рҟны арҵаратә, арккаратә, ааӡаратә усура амҩаԥгара, иара убасгьы урҭ рзы аинформациатә аалыҵ аҭыжьра", - иҳәеит акомиссиа ахантәаҩы Васили Пискариов.

Пискариов игәаанагарала, иарбанзаалак ахәыҷқәа рганахьала ииашам аусура аԥырҟәҟәаалатәуп, ари аус аҿы азакәанеиҿкааҩцәа ирыдгылароуп арҵаҩцәеи аҭаацәеи.
Уи адагьы аҳәаанырцәтә агентцәа астратегиатә, атәылахьчаратә, ашәарҭадаратә ҟазшьа змоу анаплакқәа рҿы инвесторцәас изыҟалом. Арахь иаҵанакуеит абџьари аибашьыга техникеи ҭзыжьуа аилахәырақәа, авиациеи акосмонавтикеи русхк аҟны аус зуа.
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Аҳәынҭдума СССРи Гитлер ихаантәи Германиеи реиҿырԥшра азин ҟазымҵо азакәан аднакылеит
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит аҳәаанырцәтә агент аҳәынҭқарратә финанстә цхыраара имҭара.
Иахьазы Аиустициа аминистрра аамҭакала аҳәаанырцәтә агентцәа рышәҟәынҵақәа ԥшьба мҩаԥнагоит, афедералтә закәанқәа хәба рҿы аиноагентцәа рзы еиуеиԥшым аԥҟарақәа арбоуп.
Аҳәынҭдума акомиссиа иахықәкы хадоуп иноагентс ишьоуи ишьами ҳәаақәызҵо иаку азакәан апроект ашьақәыргылара, "аҳәаанырцәтә нырра", "аҳәаанырцәтә хыҵхырҭа", "аполитикатә усура" аилыргара аҭо.
Аус здыруло азакәан апроект иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит иаку ашәҟәынҵа ашьақәыргылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0