Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба Аԥсны лаҵарамзатәи атурқәа рыхәԥса иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәынба Аԥсны маитәи атурқәа рыхәԥса иазкны
Анапаҵаҩра
Акурорт "Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит лаҵарамзатәи атурқәа рыхәқәа шыҟоу, акурорт асасцәа рыдкылара ишазыҟаҵоу, насгьы аҭыԥантәи аалыҵ ала аԥсшьарҭатә комплекс аиқәыршәара аус шымҩаԥысуа.
300 инареиҳаны ауаа ҳзаараны ҳаҟоуп лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа рзы, ҳарзыԥшуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба. Аха убри аан иҳәеит арбагақәа ҵыԥхтәи ирҿырԥшны иаҳа ишмаҷу.
"Ҵыԥхтәи арбагақәа реиҳа 20-25% раҟара еиҵоуп, аха макьана иацлап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ахәқәа шьҭаҳхит, аха уамак иахмырҟьаӡакәа. Ауада иалырхуа еиԥш, џьара 15%, џьара 20%. Ахәқәа зегьы ирыцлеит - акрыфароума, аԥсшьароума, аус зуа иуалафахәгьы хәыҷык иацаҳҵеит, аҭагылазаашьа аԥхьаҟа ишыҟалогьы макьана аилкаара цәгьахеит, иацаҳҵазгьы иазымхошәа збоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0