Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла ар зқьы инареиҳаны Украина арратә обиектқәа ҭадырхеит иахатәи аҵх иалагӡаны

© Sputnik / Михаил Андроник / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродолжается наступление Народной милиции ДНР
Продолжается наступление Народной милиции ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла арратә операциа Украина имҩаԥысуеит жәабран 24 раахыс, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла аденацификациеи абџьарҟәныхра мҩаԥысуеит, аӷа ирратә техникеи аинфраструктуреи ықәырхуеит.
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Урыстәыла аракетатә архәҭақәеи артиллериеи мшаԥы 21-22 руха 1285 хықәкы иреихсны иқәырхит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Аракетатә архәҭақәеи артиллериеи иахатәи аҵх иалагӡаны 1285 амцатә дҵақәа нагӡан. Иқәхын: абылтәышьҭаҵарҭақәа жәба, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 37. Аӷа ихырӷәӷәарҭақәа, ируаа, ирратә техника аргыларҭақәа 1221 ԥжәан", – ҳәа аарыцҳауеит адырраҭараҿы.
Уи адагьы, аҵх иалагӡаны хараӡа ихысуа урыстәылатәи аракетақәа "Калибр" ала иқәхын батальонк аҟара аруаа абџьари атехникеи нацны, Урыстәыла Арра-космостә мчқәа иртәу аҳауа иалоу аракета кылкаақәа иқәырхит азениттә комплекс С-300, аҳауаҿы иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам аҳаирплан, Александровка иахьаҵанакуа анапхгараҭаратә ҭыԥи аруааи арратә техникеи ргыларҭеи.
Аусбарҭа иара убас адырра ҟанаҵеит аиланхарҭа Донецкое иахьаҵанакуа азенит-ракетатә комплекс "Бук-М3" ала украинатәи аракета "Точка-У" аҳауа ишалаз ишҭархаз.
Авиациа акәзар, Атәылахьчара аминистрра адыррала, аоепартив-тактикатә авиациа Украина арратә обиектқәа 58 ҭанархеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ԥшьба, абылтәыҵәахырҭақәа хԥа, иара убас аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 51.
Иара убас Урыстәыла аҳауаҿагыларатә хархәагақәа рыла иҭархан Украина иатәу аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа быжьба ДЖәР аиланхарҭақәа Старомаиорское, Иасиноватаиа, Старомихаиловка, Калиновка, иара убас Херсонтәи аобласт иаҵанакуа аиланхарҭақәа Александровка, Токарево рҿы.
Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит Украина жәабран 24 рзы. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аурыс ар ржәыларақәа Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рхақәиҭтәра иазырхоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0