Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи Украина арратә обиектқәа 450 ааха рырҭеит

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКомбинат имени Ильича в Мариуполе после освобождения от боевиков
Комбинат имени Ильича в Мариуполе после освобождения от боевиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Украина арратә операциа мҩаԥысуеит жәабран 24 раахыс, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла абџьарҟәныхра мҩаԥысуеит.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи Украина Арбџьармчқәа (УАМ) аобиектқәа 450 ааха рырҭеит мшаԥы 21 рзы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Арахь иаҵанакуеит: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 14, ахырӷәӷәарҭақәа 429 аиланхарҭақәа Великаиа Камышеваха, Червоное, Пашково, Новаиа Дмитровка рҟны", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара убасгьы ракетала ааха рыҭан 14 обиект - анапхгараҭаратә ҭыԥқәа акы, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа ҩба, ари атехникеи ргыларҭақәа ҩба, ахырӷәӷәарҭақәа ҩба.
Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ааха рыҭан аиланхарҭақәа Шнуркии Славианскии, Черкасскоеи Александровкеи араионқәа рҿы иҭархан 120-ҩык аруааи 30 ак арратә техникеи.
Аоператив-тактикатә авиациа иҭанархеит 64 обиект: ари атехникеи ргыларҭақәа 17, аракета-артиллериатә бџьар аҵәахырҭақәа ҩба - Запорожие.
Аҳауаҿагыларатә мчрақәа (ПВО) икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәага аиланхарҭа Иасное аҿы.
Украина арратә операциа мҩаԥысуеит жәабран 24 раахыс, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла абџьарҟәныхра мҩаԥысуеит. Уи хықәкыс иамоуп Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчара, арратә техникеи аинфраструктуреи рҭархара.
Ажәабжьқәа зегьы
0