Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи абренд Bosco "Брехаловка" иҟоу аӷбадгыларҭа еиҭашьақәнаргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аӷбадгыларҭа аҳҭнықалақь аҭыԥ ҷыдақәа иреиуоуп. Акыршықәса ҵуеит иара аҭагылазаашьа уашәшәыроуижьҭеи, ишәарҭаны ирыԥхьаӡоижьҭеи.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Урыстәылатәи абренд Bosco Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿтәи "Брехаловка" иҟоу аӷбадгыларҭа еиҭашьақәнаргылоит ҳәа Аҟәа ахада Беслан Ешба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Ешба иажәақәа рыла, адизаин-проект аԥсуа ган иазнархиахьеит. Аобиект ахаҿра ҿыц уаанӡатәи иеиԥшхоит.
"Иҟалоит абульвартә зона, атәарҭақәа, ауаа рынеиааирҭа", - иҳәеит Ешба.
Апроекттә усурақәа хыркәшоуп, аусурақәа ирылагоит адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иахьырԥшны.
Ешба ишиҳәо ала, аремонт иалагар рылшоит шықәсыбжак аҩнуҵҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0