Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵнариаԥҳа апаскақәа рыӡра иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵнариаԥҳа амшаԥтәи ахаа-мыхаақәа рыӡра иазкны
Анапаҵаҩра
Акондитер Алена Ҵнариаԥҳа Амшаԥныҳәа аламҭалаз арадио Sputnik аефир аҿы апаскақәа рыҟаҵараан лхы иалырхәо амарҭхәқәеи амажәа иацу акәамаҵамарақәеи ртәы дазааҭгылеит, насгьы аныҳәақәа раан лусура иацу аҭакԥхықәра далацәажәеит.
Алена арадиоефир аҿы апаскақәа шыҟалҵо атәы еиҭалҳәеит, иалҭо амарҭхәқәа дырзааҭгылеит, аха убри аан амажәа аҟаҵара иацу амаӡақәа зегьы аалмыртит.
Акондитер еиҭалҳәеит апаскақәа рырԥшӡараҿы лхы иалырхәо атәы, иазгәалҭеит, лара ишылҭахыҵәҟьо аҟаҵараз аамҭа шлымам.
Алена илҳәеит, аныҳәақәа раан, ачыс аҿазҵо рхыԥхьаӡара ахьырацәахо аҟынтә лаамҭа зегьы урҭ рыҟаҵара ишақәлырӡуа. Лышьыжь асааҭ быжьба рзы иалагоит, ашьыжь асааҭ 5 рзы ауп данышьҭало.
"22 сааҭ аус зуеит аныҳәа дуқәа аныҟоу", - ҳәа азгәалҭеит Ҵнариаԥҳа.
Арадиостудиа асас иара убасгьы илҳәеит, лус бзиа ибаны, гәыкала дшазнеиуа, аҿаҵа лызҭо уи аназгәарҭалак, аусуразы иаҳагьы агәацԥыҳәара шылнаҭо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0