Лавров аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа рцашьа ахәшьара аиҭеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча главы МИД РФ С. Лаврова с студенческо-преподавательским составом МГИМО
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова с студенческо-преподавательским составом МГИМО - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Украинеи аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит хәажәкырамза анҵәамҭазы Ҭырқәтәыла ахада ихан Долмабаҳче аҿы. Уи алҵшәақәа рыла, Москва Киев иззыҳәаз ҟанаҵеит - киевтәии черниговтәии ахырхарҭақәа рыла ажәыларақәа армаҷит.
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа рцашьа "даара иԥсыҽуп" ҳәа рхиҳәааит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ҟазахтәи иколлега Мухтар Тлеубердии иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

"Ҳара, хымԥада, иахьатәи аиҿцәажәарақәа раан ҳазааҭгылеит Украинеи уи акәша-мыкәшеи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Ҳколлегацәа ирзеиҭаҳҳәеит Донбасс атәылауаа рыхьчареи Украина абџьарҟәныхреи аденацификациеи рзы аоперациа ҷыда ацашьа, идҳардырит аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа акыр иԥсыҽны ишцо", - иҳәеит Лавров.

Аминистр иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа ҭыԥк аҿы ишгылоу, избанзар украинатәи аган ахаҭарнакцәа рхатәы гәаанагара азгәарҭарц ахьрылшоз хәымш раԥхьа ирыҭаз ажәалагалақәа рҭаҟ ҟарымҵаӡеит ҳәа.
Иара убас Лавров игәаанагара иҳәеит Украина аиҳабыра, атәыла ахадагьы дналаҵаны, рхымҩаԥгашьа уахәаԥшуазар, урҭ зынӡа аиҿцәажәарақәа рҭахымшәа убоит ҳәа.
Украинские военнослужащие идут вдоль линии фронта к востоку от Харькова - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Украина аоперациа ҷыда афаза ҿыц иалагеит
Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа ирылагеит жәабран 28 рзы - аоперациа ҷыда ахәбатәи амш аҽны, уи мҩаԥысуеит хаҭалатәи аиԥыларақәа раан, Белоруссиа акымкәа, Сҭампылгьы акы мҩаԥыргеит, иара убас авидеоконференциақәа рыла.
Украинеи Урыстәылеи аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит Сҭампыл хәажәкыра анҵәамҭаз, Ҭырқәтәыла ахада ихан Долмабаҳче аҿы. Усҟан Москва "Киев аганахь ала ҩ-шьаҿак ԥхьаҟа иҟанаҵеит" - аимак адеескалациа азгәаҭан, арратә гани аполитикатә гани рыла. Уи ашьҭахь Киеви Чернигови рхырхарҭаҿы аибашьра ааннакылеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Аха Киев уи пату азақәымҵеит Бучатәи ахҭысқәа аланарҵәеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Мшаԥы 7 азы Лавров иҳәеит украинатәи аган Сҭампылтәи аиқәшаҳаҭра апроект иацәхьаҵит, усҟан иззааиз ашьаҿақәа мап рыцәнакит ҳәа.
Переговоры России и Украины в Гомельской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Москвеи Киеви реиҿцәажәараз: ампыл Украина аганахь иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0