Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа рыԥкра иацырҵеит лаҵара 1 аҟынӡа

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпоттинг в аэропорту Красноярска
Споттинг в аэропорту Красноярска  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 24 аахыс аҳаирпланқәа рыԥыррақәа ԥкуп Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда ианалага инаркны. Уи аахыс изныкымкәан аԥкрақәа ирыцырцахьеит.
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаиртә баӷәазақәа рыҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп лаҵарамза алагамҭанӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Росавиациа аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Зыӡбахә ҳәоу аԥкрақәа ахьалагалоу урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа 11 рыҟны ҩаԥхьа рыҽҳәара иацырҵеит лаҵара 1 асааҭ 3:45 аҟынӡа москватәи аамҭала.
Зыԥырра ԥкыу аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит апассаџьырцәа рымҩаԥгаразы аԥырратә еилахәырақәа ишрабжьгоу даҽа хырхарҭамҩак Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва рхы иадырхәаларц.
Росавиациа аҟны еилыркааит, Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа рыҟны абжьааԥаны аус шыруц ишыруа. Аҳаирбаӷәазақәеи аҳаиреилахәырақәеи рыҟны аиҭакрақәак ҟалозар апассаџьырцәа еилыркаар рылшоит урҭ рофициалтә саитқәа рыҟны.
Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳаирусхк аҿиара иазкны имҩаԥысз аилацәажәараҿ иҳәеит аԥкрақәа ирыҵанакыз аҳаирбаӷәазақәа рхарџьқәа ашәараҿы аҳәынҭқарра ацхыраара шырнаҭуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0