Агәыԥ "Alai Oli" Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ахьӡ захьӡу альбом ҭнажьит

© Foto / Вконтакте / ALAI OLIГруппа ALAI OLI
Группа ALAI OLI - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Анапаҵаҩра
Амузыкатә гәыԥ "Alai Oli"-и петербургтәи амузыкант, апродиусер Филлип Хмырови еицыҟарҵаз альбом ҿыц аӡыргара мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза алагамҭазы.
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә гәыԥ "Alai Oli" иҭнажьит альбом ҿыц "Последний из ушедших" ("Ацынҵәарах" - аред.), уи ахьӡ арҭеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" иахыншьаланы.
Агәыԥ ахкынагӡаҩ Ольга Маркес Instagram* аҿы лхатә даҟьаҿы ианылҵеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" дшаԥхьаз, уи анырра ӷәӷәа илынаҭаз иабзоураны альбом аԥҵаразы агәацԥыҳәара шлоуз.

"Альбом зегьы иагәылгоуп "Ацынҵәарах" аҟны иуԥыло ашьхақәа, аӡиасқәа рдоуҳа - урҭ иахьа уажәраанӡагьы аублаа рбызшәала ицәажәошәоуп ишыҟоу. Хымԥада, ароман ахаҭа шәаԥхьар, еиҳагьы еилышәкаауеит альбом иагәылоу амузыка аҵакы нагӡаны", - ҳәа лыҩуеит Ольга.

Альбом аӡыргара мҩаԥысраны иҟоу Москва лаҵара 7 рзы, аклуб Урбан аҿы.
"Шәачатәи апеизажқәа, аублаа рынцәахәқәа, калифорниатәи атрассақәа - абарҭ зегьы еилаланы аваиб ҿыц аԥырҵеит", - ҳәа альбом ахҳәаа арҭоит агәыԥ асаит аҿы.
Альбом иагәылоуп акомпозициақәа "Что само", "Мне нравится", "Компас", "Фишт", "Горы", "Самолеты", "Река", "Бусы".
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы
"Alai Oli" - урыстәылатәи музыкатә гәыԥуп, иара Ольга Маркеси Александр Шаповскии иаԥырҵеит 2004 шықәса рзы Екатеринбург ақалақь аҿы. Дара ркомпозициақәа регги, ска, инди-рок астильқәа иаҵанакуеит. Актәи альбом "Да, Бро?" ҭрыжьит 2007 шықәса рзы.
Дара рыхьӡ "Alai Oli" ахкынагӡаҩы Ольга Маркес ллакә "Аихатәы алым" аҟынтә иааргеит. Алакә асиужет ала ари афраза "абзиара аҟаҵара" аанагоит.
Аҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" аҿы иаарԥшуп амҳаџьырра иагаз, збызшәа иахьа адунеи ианыӡаахьоу ҳәа иԥхьаӡоу аублаа жәлар рлахьынҵа цәгьа. Иара Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа зегь реиҳа еицырдыруеит, адунеи абызшәақәа акыр рахь еиҭагоуп.
*Урыстәыла аусура азин амам аекстремисттә усура иахырҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0