Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи артиллериа Украина арратә ҭыԥқәа 967 ықәырхит уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik / Михаил Андроник / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродолжается наступление Народной милиции ДНР
Продолжается наступление Народной милиции ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьарҟәныхреи аденацификациеи ирызку Урыстәыла арратә операциа ҷыда иаҿуп жәабран 24 раахыс.
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Урыстәылатәи артиллериа уахыки-ҽнаки рыла арратә ҭыԥқәа 967 ықәырхит уахыки-ҽнаки рыла арратә операциа амҩаԥгараан, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков.
Иҭархан Украина анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 33, ахырӷәӷәарҭақәа, аруааи атехникеи ргыларҭақәа 929, иара убас аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа хәба.
Иҳаҩсыз ауха иалагӡаны хара икылкааны ихысуа абџьар ала Кременчуг азааигәара иқәхын украинатәи аруаа рзы ихәарҭаз анефҭаалыҵ зҭаз абылтәышьҭаҵарҭақәа.
Урыстәыла авиациа иқәнахит Украина 56 арратә обиектқәа. Урҭ рыбжьара: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа ҩба, иара убас Дмитровка ҿыц азааигәара иҟоу абылтәыҵәахырҭа.
"Иқәхуп 160-ҩык рҟынӡа аруаа, иара убас акәылӡтәы техника, артиллериатә бџьар, автомашьынақәа 23", - иҳәеит аинрал.
Аракетатә архәҭақәа иахатәи аҵх иалагӡаны 19-нтә ихысит, анационалистцәа рнапхгараҭарақәа ԥшьба ықәырхит, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа ԥыржәеит.
Иара убас иқәырхит Украина аруааи арратә техникеи ахьгылоу араионқәа ҩажәа, иҭахеит 240-ҩык аруаа, акәылӡтәы техникеи, артиллериатә бџьари, автомашьынақәеи 28.
Аҳаирҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иқәырхит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 13, Азенит-ракетатә комплекс "Панцирь-С" акәзар, Чернобаевка аханы иԥнажәеит украинатәи аракета "Точка-У", иара убас зныкҟаьара ихысуа ареактивтә система аснариадқәа 18.
Ажәабжьқәа зегьы
0