Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Едгар Гәазаа Италиа аҿар аԥхьагылаҩцәеи дареи реимадара атәы далацәажәеит

© Foto / предоставлено Эдгаром ГвазаваЭдгар Гвазава
Эдгар Гвазава - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 25 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр италиаа афашизм аҟынтә рхақәиҭра рыдиныҳәалеит, аҿартә еиҿкаарақәа раԥхьагылаҩцәа ареспубликахь иааиԥхьеит.
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Едгар Гәазаа далацәажәеит Италиатәи аҿар раԥхьагылаҩцәеи дареи реицәажәарақәа ртәы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Амедиацентр.
Уаанӡа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба италиан бызшәала Италиа ауааԥсыра рмилаҭтә ныҳәа, анацистсттә оккупациеи афашистст режими ркаҳара рыдиныҳәалеит.

"Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба италиаа афашизм аҟынтә рхақәиҭра рыдиныҳәалеит, аҿартә еиҿкаарақәа раԥхьагылаҩцәа ареспубликахь иааиԥхьеит. Ари даара гәахәарыла ирыдкылан", - иҳәеит Гәазаа.

Иара иажәақәа рыла италиатәи аҿар раԥхьагылаҩцәа рнырра мҩаԥысуеит урыстәыла-италиатәи аиԥыларақәеи МГИМО аҳәаақәеи ирҭагӡаны.
Гәазаа иҳәеит Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ЕАР аҿиара ахықәкқәа рзы Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Италиа аҿар раԥхьагылаҩцәагьы ааԥхьахар шауа.
Абхазский Инвестиционный форум в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Аԥсны
Инал Арӡынба Италиа афашизм аҟынтәи ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит
"Агәрагара ҳамоуп италиааи ҳареи хра аманы ҳаизыҟазаашьа аҿиара шаиуа" - иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0