Украина аганахь ала Белгородтәи аобласт ақыҭақәа ирылахысит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОстатки украинских ракет "Точка-У" на территории ДНР
Остатки украинских ракет Точка-У на территории ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵара 10 рҟынӡа аобласт иахьаҵанакуа атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара рылаҳәоуп.
АҞӘА, мшаԥы 26– Sputnik. Украина иаԥну Белгородтәи аобласт ақыҭақәа Нехотеевка, Журавлевка, Головчино ирылахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аобласт агубернатор Виачеслав Гладков иажәақәа шьаҭас иганы.

Мшаԥы 25 ауха Журавлевка алахысраан аҭыԥантәи ауааԥсыра ҩыџьа ааха рыманы ахәшәтәырҭахь инаган, Нехотеевкеи Головчинои аӡәгьы ԥырхага имоуит.

Ахатәыҩнқәеи аӡәгьы дызхым ахыбрақәеи рҟны ахыбқәа аԥырхага роуит, аԥенџьырқәа ҭҟьеит. Аԥхасҭа шьақәдыргылоит ҩны-цыԥхьаӡа инеины.
Журавлевкеи Нехотеевкеи Украина аҳәаа ԥшь-километрак инацәыхароуп. Арратә операциа иалагазар украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа изныкымкәа аҳәаа иаԥну Урыстәыла арегионқәа рҿы адиверсиақәа ҟарҵахьеит, Белгородтәии Курсктәии аобластқәа изныкымкәа ириехсхьеит.
Белгородтәии Бриансктәии аобластқәеи Воронежтәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацә ахәҭақәаки рҿы, иара убасгьы Ҟрым аҩадатәи ахәҭаҿы атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара рылаҳәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0