Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазку астол гьежь ААУ аҿы имҩаԥысит

© SputnikКруглый стол - посвященный Келешбею Чачба
Круглый стол - посвященный Келешбею Чачба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарадырратә еилатәара аҟны иазааҭгылан Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба аҳра аниуазтәи аамҭақәа, усҟантәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа, уи ажәлар реидкылара аус аҟны илшарақәа ирылацәажәеит.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазкыз аҭоурыхҭҵааҩцәеи, археологцәеи, астудентцәеи злахәыз аҭҵаарадырратә еилатәара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы мшаԥымза 27 рзы.
Аҭҵаарадырратә еилатәара аартуа, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа инаҵшьны иҳәеит, Қьалашьбеи Чачба изку аҭҵаарадырратә еилатәара раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥырго, насгьы иазгәеиҭеит аҭоурыхтә факультет амчала ишазгәаҭоу ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара.
© SputnikААУ аҿы имҩаԥысит Қьалышьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазку астол гьежь
Круглый стол - посвященный Келешбею Чачба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
ААУ аҿы имҩаԥысит Қьалышьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазку астол гьежь
Анаҩс ажәахә рыманы иқәгылеит: аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Михаил Гәымба, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, археолог, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа.
Еизаз зегьы еицҿакны иазгәарҭон зыжәлар реидкылара иашьҭаз, зыхшыҩ ҵарыз, усҟантәи Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба аԥсуа ҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи ашьақәгылараҟны ӷәӷәала анырра шаиҭоз иԥсадгьыли ижәлари рлахьынҵа аӡбара, еиуеиԥшым аполитикатә ԥынгылақәа дыриааиртә еиԥш ииашаны ихы шымҩаԥигоз атәы.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа иажәахә аҟны дазааҭгылеит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Қьалашьбеи Чачба имҩаԥигоз аполитика иадҳәаланы ахҳәаа ҟазҵахьаз аҳәаанырцәтәи аҵарауаа рматериалқәа. Насгьы иара иазгәеиҭеит усҟантәи Аԥсны аҳ Қьалашьбеи ишилиршаз ижәлар рлахьынҵа зыӡбашаз азҵаарақәа жәпакы амҩа иаша рзалхра.

"Аԥсны аҭоурых аҟны рышьҭа ӷәӷәаны инрыжьит Аԥсҳа Леон, Қьалашьбеи Чачба, Нестор Лакоба, Владислав Арӡынба реиԥш иҟаз ҳԥызацәа. Зыжәлар рыхьчареи, реидкылареи зылзыршаз иахьа уажәраанӡа ииашаны рыҭҵаара хықәкы хадас иҳамоуп аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа", - иҳәеит иара.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Михаил Гәымба иажәахә аҟны дазааҭгылеит Қьалашьбеи Чачба аԥсуаа реидкылараҟны илшара даара ишдуу, аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчараҟны аҵабырг аԥшаара дшашьҭаз. Дазааҭгылеит аҭоурых ахыҵхырҭақәа, иааигеит уи шьақәзырӷәӷәоз аҿырԥштәқәа.
Аҭҵаарадырратә конференциа иалахәыз археологцәа ирҳәеит Қьалашьбеи Чачба аҳра аниуаз аамҭазтәи Аԥсны аҩнуҵҟа аҵыхәтәантәи ашәышықәсазы ишыԥшааз имаҷымкәан археологиатә материалқәа рыӡбахә.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Инџьгиа Қьалышьбеи Чачба ихаҭара иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Арадио
Инџьгиа еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи Чачба ихьӡ зҳәо аинтерес зҵоу ҭоурыхтә фактқәак ртәы
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, археолог, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа дахцәажәеит Аҟәатәи абаа аҭоурых, иааигеит аҿырԥштәқәа, видео ҳасабла уи асахьа еизаз зегьы идырбан.
Абаа ахыбра иаҵанакуаз аргыларақәа ирзааҭгылан, уаҟа иԥшааз археологиатә ажәытә материалқәа ртәы иахцәажәеит, еимырдеит ргәаанагарақәа, ишьҭырхит еиуеиԥшым азҵаарақәа жәпакы.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Гәырам Гәымба ицәажәараҟны иазгәеиҭеит Қьалашьбеи Чачба Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны аргылара иашьҭаз, адунеи аҟны еиуеиԥшым аполитикатә мыҟәмабарақәа ижәлар ацәыхьчаны, еиқәырханы иаазгаз, нунагӡа иҿымцәаауа ахәышҭаара ижәлар рзыҳәаны аиқәҵара зылшаз аӡә иакәны дшаанхо атәы.
Аҭҵаарадырратә еилатәара хыркәшауа, иҟаҵан алагалажәақәа:
Аҟәатәи ахырӷәӷәарҭаҿы иаарту амузеи аиҿкааразы агәаанагарақәа ыҟоуп. Уи аартхар, Қьалашьбеи Чачба ихьӡ ахҵазарц;
Аҟәа амҩадуқәа руак Қьалашьбеи Чачба ихьӡ ахҵазарц;
Қьалышьбеи Чачба иҳаҭгәын аԥшааразы аусқәа реиҿкаара хацыркуп. Уи иахәҭоу адгылара аҭазарц;
Қьалашьбеи Чачба ибаҟа аҟаҵаразы аицлабра рылаҳәазарц;
ҚьалашьбеиЧачба иҳаҭгәын, уаанӡа иамаз ахаҿра мԥсахкәан, аиҭашьақәыргылара иалацәажәарц;
Ҭырқәтәыла архивқәа рҿы Қьалашьбеи Чачба иаамҭа иадҳәалоу адокументқәа рыԥшааразы аӡә дазкны аусура хацыркызарц.
Қьалашьбеи Чачба, XVIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIX ашәышықәса алагамҭеи рзы Аԥсны аҳра ныҟәызгоз – зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазызкыз аԥсуа политикцәа дыруаӡәкын. Аԥсны аҳра знапаҿы иҟаз, еснагь ижәлар ринтересқәа дрықәныҟәон, ҩ-империа дук дышрыбжьагылазгьы, ҟазарала ихатәы политика мҩаԥигон.
Ажәабжьқәа зегьы
0