https://sputnik-abkhazia.info/20220427/arynba-asnazy-evrazia-aintegratsiat-protsessa-rylakhra-ayzharat-azsha-amoup-ieit-1038839807.html
Арӡынба Аԥсназы Евразиа аинтеграциатә процессқәа рылахәра аԥыжәаратә ҟазшьа амоуп иҳәеит
Арӡынба Аԥсназы Евразиа аинтеграциатә процессқәа рылахәра аԥыжәаратә ҟазшьа амоуп иҳәеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов "Полный контакт" аефир аҿы аинтервиу ииҭеит. 27.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-27T13:00+0300
2022-04-27T13:00+0300
2022-04-27T15:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аполитика
инал арӡынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102694/53/1026945397_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_e87508bd1d6b45c55d5039e80c4bb804.jpg
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсназы Евразиа аинтеграциатә процессқәа рылахәра аԥыжәаратә ҟазшьа амоуп, уи ус шакәу аныԥшуеит 2014 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иҳәеит аканал "Соловьев.Live" аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.Иара иҳәеит Аԥсны жәларбжьаратәи аилазаара ахәҭак аҳасаб ала аҽазнашәоит адунеитә економика, адунеитә политика аҽалархәра."Сара уажә иаахтны исҳәом иарбан тәылақәоу ҳазныруа. Уи аасыртыр ҳгәылацәа рҽазыршәашт ари аус акгьы алымҵырц. Иҟоуп имаҷымкәа атәылақәа азхьаԥшра заҳҭо. Ҳәарада, жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара ҳақәгәыӷуеит" - иҳәеит аминистр.Инал Арӡынба иҳәеит ареспубликеи Шьамтәылатәи арабтә республикеи реизыҟазаашьа шыбзиоу, ишаздырхио адәныҟаполитикатә усбарҭатә еиқәшаҳаҭра."Шьамтәыла ахада Башар Асад иакәзаргьы ҳаизыҟазаашьақәа хырыҩа риҭоит, ҳхада Аслан Бжьаниа ааигәа Шьамтәыла даҭан. Убри азы ҳаизыҟазаашьақәа апозитив динамика рыманы иаҳшьоит", - иҳәеит аминистр.Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит лаҵара 29 2018 шықәсазы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220427/arynba-yrtyla-asny-aganakhala-agibridt-eibashra-managoit-1038836903.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102694/53/1026945397_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_27f07943d7a59ddca9dad5d0c01e331e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, инал арӡынба
ажәабжьқәа, аполитика, инал арӡынба
Арӡынба Аԥсназы Евразиа аинтеграциатә процессқәа рылахәра аԥыжәаратә ҟазшьа амоуп иҳәеит
13:00 27.04.2022 (ирҿыцуп: 15:05 27.04.2022) Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов "Полный контакт" аефир аҿы аинтервиу ииҭеит.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсназы Евразиа аинтеграциатә процессқәа рылахәра аԥыжәаратә ҟазшьа амоуп, уи ус шакәу аныԥшуеит 2014 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иҳәеит аканал
"Соловьев.Live" аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус ҳуеит. Ҳара акала ҳхы ԥаҳкыр ҳҭахым. Жәларбжьаратәи аинтеграциа ҭбаа ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит Инал Арӡынба.
Иара иҳәеит Аԥсны жәларбжьаратәи аилазаара ахәҭак аҳасаб ала аҽазнашәоит адунеитә економика, адунеитә политика аҽалархәра.
"Сара уажә иаахтны исҳәом иарбан тәылақәоу ҳазныруа. Уи аасыртыр ҳгәылацәа рҽазыршәашт ари аус акгьы алымҵырц. Иҟоуп имаҷымкәа атәылақәа азхьаԥшра заҳҭо. Ҳәарада, жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара ҳақәгәыӷуеит" - иҳәеит аминистр.
Инал Арӡынба иҳәеит ареспубликеи Шьамтәылатәи арабтә республикеи реизыҟазаашьа шыбзиоу, ишаздырхио адәныҟаполитикатә усбарҭатә еиқәшаҳаҭра.
"Шьамтәыла ахада Башар Асад иакәзаргьы ҳаизыҟазаашьақәа хырыҩа риҭоит, ҳхада Аслан Бжьаниа ааигәа Шьамтәыла даҭан. Убри азы ҳаизыҟазаашьақәа апозитив динамика рыманы иаҳшьоит", - иҳәеит аминистр.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит лаҵара 29 2018 шықәсазы.