Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба: Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала агибридтә еибашьра мҩаԥнагоит

© Sputnik / Леон Адлейба Инал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Аминистр иҳәеит Қырҭтәыла адунеитә еилазаара Аԥсны ианыруашәа арбо аамҭакала ареспублика жәларбжьаратәи аренаҿ акала ахы аанарԥшыр ауам ҳәа.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аканал "Соловьев.Live" аефир аҿы иҳәеит Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала агибридтә еибашьра мҩаԥнагоит ҳәа.

"Қырҭтәыла иалшо зегь ҟанаҵоит жәларбжьаратәи ҳаиныррақәа, ҳаԥшьгамҭақәа анарха рмоурц, аинформациатә, аполитикатә еибашьра мҩаԥнагоит Аԥсны аганахьала. Ари гибридтә еибашьроуп. Ганкахьала адиалог ҳазыхиоуп ҳәа ҳарҳәоит, аҿар ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыҩаӡарала аинырра иадрыԥхьалоит, убри аан жәларбжьаратәи аренаҿы ҳаҟазаара ԥыркуеит", - иҳәеит иара.

Аминистр иҳәеит 2008 шықәса раахыс Аԥсны, Қырҭтәыла, ЕАР рхаҭарнакцәа злахәу Женеватәи аиҿцәажәарақәа уажәы "ааҭгылара" шрымоу. Урҭ рылҵшәақәа рацәак идуумзаргьы, ари амеханизм жәларбжьаратәи аренаҿ ада ыҟам Аԥсназы. Ареспублика абри аганахьала урыстәылатәи аколлегацәа аус рыцнауеит ҳәа.
Арӡынба иҳәеит Аԥсны ибзианы ишеилыркаауа ақырҭуа политика ареспублика аганахьала аҷыдарақәа, уи аҿагылашьагь шырдыруа азгәеиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0