Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа иашәа зырҿио: Жәлар рмузыкатә арҳәагақәа роркестр аконцерт

Анапаҵаҩра
Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 26 рзы имҩаԥысит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр еиҿнакааз аконцерт.
Иара азкын акомпозитор, Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа игәалашәареи Аԥсуа ҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәышықәса ахыҵреи. Уи иалахәын ансамбль "Гәында", иара убас ашәаҳәаҩцәа: Саида Габниаԥҳа, Авҭандил Канџьариа, Денис Ҳагба, аишьцәа Аргәынаа.
Апрограмма шьақәгылан иахьа уажәраанӡа аԥсуа жәлар ржәытә ашәақәеи рмузыкатә рҳәагатә инструментқәеи реиқәырхара зыбзоуроу Оҭар Хәынҵариа иаԥиҵаз акомпозициақәа рыла. Аԥсны Жәлар рмузыкатә арҳәагақәа роркестр анапхгаҩы Денис Арухаа ишазгәеиҭахьоу ала, дара аконцерттә программақәа рыманы Аԥсны ақалақьқәа ирҭаараны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0