Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәба иҳәеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара Аԥсны аусура акоординациа шаҭаху

© Foto / Минздрав АбхазииМинистр здравоохранения Эдуард Бутба встретился со специалистом по вопросам общественного здравоохранения, координатора гуманитарной и технической поддержки ВОЗ в Абхазии Нуне Долян
Министр здравоохранения Эдуард Бутба встретился со специалистом по вопросам общественного здравоохранения, координатора гуманитарной и технической поддержки ВОЗ в Абхазии Нуне Долян - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Анапаҵаҩра
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аситема аҳәаақәа ирҭагӡаны Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аусура ҳәаақәнаҵоит агәабзиарахьчара аусхк аҟны, COVID-19 аҿагыларагь налаҵан.
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ауаажәларратә гәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы аҟазауаҩ, ААЕ агуманитартәи атехникатәи дгылара акоординатор Нуне Долиан лԥылараан Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара Аԥсны аусура акоординациа шаҭаху атәы иҳәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Ҳара ареспублика ауааԥсыра ирзеиӷьу аусқәа рзы ҳҽеибаркны аус еицааулароуп. Шәара шәеиҿкаара адунеитә ԥышәа ду амоуп, атәылақәа жәпакы ацхыраара рышәҭоит, ҳреспубликагьы налаҵан", - иҳәеит аминистр, ААЕ иҟанаҵо ацхыраараз ҭабуп ҳәагьы ахиҳәааит.

Долиан илҳәеит иарбан цхыраароу еиҭа Аԥсны ауааԥсыра ирзыҟаҵахар алшо, илҳәеит ихҽыз, аха иқәымҵыц акоронавирустә инфекциа аҿагылараз макьана ауснагӡатәқәа шымҩаԥгахо.
Долиан лажәақәа рыла, аиҿкаара иалшоит Аԥсныҟа аковидшьҭахьтә синдром аҟазауаа раара аԥснытәи амедусзуҩцәеи дареи рԥышәеимдаразы.
Нуне Долиан илҳәеит ААЕ шазыхиоу аԥхьаҟагьы Аԥсны агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа аус рыцура.
COVID-19 алаҟәра инадҳәаланы иаԥыхуп аԥкрақәа, иаркуп Аҟәатәи аҿкчымазаратә, Гагратәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭақәа рҿы аковид аҟәшақәа.
COVID-19 зыхьуа, астационартә хәшәтәра зҭаху Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿ ирыдыркылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0