Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Цаава еиҭеиҳәеит "Аԥсныбылтәы" аҿаԥхьа ауал зқәу ишрылырго атәы

Цаава еиҭеиҳәеит "Аԥсныбылтәы" аҿаԥхьа ауал зқәу ишрылырго атәы
Анапаҵаҩра
Азиндырҩы Лаша Цаава арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Аԥсныбылтәы" аҿаԥхьа ауааи анаплакқәеи ирықәу ауал иахьазы шаҟа ыҟоу, урҭ рылгаразы имҩаԥырго аус атәы.
Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥсныбылтәы" аҿаԥхьа ауалқәа зқәу рылгара ирџьбараны напы арктәуп ҳәа адҵа ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министр Александр Анқәаб ааигәа имҩаԥысыз аусутә еилатәараҿы. Аунитартә наплакы аҿаԥхьа еиуеиԥшым аусбарҭақәа 148 миллион мааҭ рҟынӡа рықәуп. Изусҭцәада ауал зқәу, араанӡа аус шԥааргеи? Аҳәынҭқарра иаҭоу ааха, анаплакы ахарџь аркра шԥалшеи? Аҭагылазаашьа алҵразы мҩақәас ирыԥшаауазеи анаплакаҟны? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны азиндырҩы Лаша Цаава.
"Ауалқәа зқәу ауаа 100-ҩык инареиҳауп, иара асиагьы еснагь аҽаԥсахуеит, избанзар ҳаргьы ус ҳтәаӡам, ауал иадҳәалоу аусқәа ҳаӡбоит. Арҭ ауалқәа иахьа иҟалаз ракәӡам, урҭ жәашықәса инацны еизон. Арҭ ауалқәа рызҵаара аӡбаразы ҩыџьа адукатцәа ҳгеит. Иуадаҩуп ауалқәа рылгара, аамҭа рацәа цахьеит, иҟоуп - асиаҟны ауаҩы ихьӡ ыҟоуп, уаҳа акгьы арбаӡам. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа аиҳабыра изныкымкәа ирыԥсаххьеит, аҳасабеилыргаҩцәа. Иааиуа амзазы аԥхьатәи аусқәа аӡбарҭахь иҳашьҭуеит. Ақьаадқәа еиқәҳаршәеит 42 ус рҟынӡа", - иҳәеит Цаава.
Иара иажәақәа рыла, ауалқәа 100 мааҭк инаркны хә-миллион мааҭ инацны иуԥылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0