Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа аинвалидцәа рыцхрааразы Ермантәылантәи аҳақьымцәа рааразы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа Ермантәылантәи аҳақьымцәа аинвалидцәа рыцхырааразы рааразы
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амедицинатә туризм иаҿу аилахәыреи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи аветеранцәа ацхыраара рыҭаразы наҟ-наҟтәи русура атәы.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дырԥылеит аилахәыра Med travel ахаҭарнакцәа Елена Симонианци Арманд Малхасиани. Аиԥылара далахәын убасгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуагьы. Ари аилахәыра агәабзиарахьчара аминистрреи афонди аус рыцуразы аԥышәа амоуп. Аиԥылараан иззааҭгылаз атәы Емзар Ашәуа дазааҭгылеит арадиоефир аҿы.
"Ермантәыла сыҟан мышқәак раԥхьа. Сылала избарцаз ишырхәышәтәуа ҳинвалидцәа. Зегьы даара сгәы иаахәеит. Апроблема ҳәа акгьы ацӡам. Ирԥылоит, иахьырҭаху иргоит, џьаргьы агәаран иқәгылаӡам. Ирыхәҭоу ахылаԥшра рымоуп. Ҳара зегь раԥхьа иҳаргыло аинвалидцәа гәыблыла рызныҟәара ауп. Аҳақьымцәа ааԥхьара рысҭеит Аԥсныҟа. Имҩаԥган аиҿцәажәара агуманитартә ҳасабала аҳақьымцәа Ермантәылантәи иааны амедицинатә цхыраара Аԥсны имҩаԥыргаларц. Иуадаҩу аԥҟарақәа роума, аҭҵааратә усурақәа роума, Аԥсны аҟаҵаразы алшара шырзаԥҵахо атәы иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0