Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусушьа аамҭеихшара еилкаахеит

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Анапаҵаҩра
Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы арегион аҿы иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа русура аамҭеихшара шьақәнаргылеит.
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Аҳазалхырҭатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан еиԥҟьарада уахи-ҽни аус ауеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа.
Уахыки -ҽнаки рыла аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуеит 10 нызқь амашьынеи 55 нызқьҩык ауааԥсыреи, убри аан аушьҭырҭатә ҭыԥ уахыки-ҽнаки 1,5 нызқь машьынеи 28 нызқьҩык ауааԥсыреи роушьҭразы алшара амоуп. ААҬ "Адлер" аԥхынтәи аамҭазы аушьҭырҭатә ҭыԥ иахысуа рхыԥхьаӡара еиҳахоит, амашьынақәа- хәынтә-фынтә, ауаа риасра – ҩынтә.
Уи инамаданы автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аԥсуа-аурыс ҳәааҟны аиҭашьақәыргылара ргәы иҭоуп, апроект-ҭҵааратә усурақәа ирылагараны ҳазҭоу ашықәсазы, аргыларатә усурақәа рхыркәшара азыԥхьагәаҭоуп 2025 шықәсазы.
На МАПП Адлер прошла рабочая встреча Государственного таможенного комитета Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа акурорттә аамҭа рыҽшазыҟарҵо иалацәажәеит
ФГКУ "Росграснтрои" адыррақәа рыла, аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭарҿыцреи ацҵареи иалнаршоит уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуа 11,5 нызқь рҟынтәи 68 нызқьҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара ацҵара.
Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра аиӷьтәра азҵаара иазааҭгылан хәажәкыра 22 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы "Аԥсни Урыстәылеи рполитикатәи рекономикатәи еимадарақәа рырӷәӷәара" атемала имҩаԥысыз аусутә гәыԥ аилатәараҟны, уи далахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Ҳазлацәажәоз азҵаара хадақәа иреиуоуп аԥсуа-аурыс ҳәаа ирмарианы ахысра аиҿкаара, ари азҵаара акыр аҵанакуеит иахьатәи адунеижәларбжьартә ҭагылазаашьаан, азгәеиҭахьан Арӡынба.
Уажәаԥхьа Ԥсоу аҳәаа ахысра аиӷьтәра азҵаара иазааҭгылахьан Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Шәача реиқәшәараан.
Ажәабжьқәа зегьы
0