Аҟәа иаатит Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
19:26 02.05.2022 (ирҿыцуп: 14:10 04.05.2022)
© Sputnik Выставка посвященная Келешбею Чачба
© Sputnik
Анапаҵаҩра
Лаҵара 2 1808 шықәсазы Аҟәатәи ибаа аԥхьа дшьын Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба. Уи амш иадҳәалоуп ацәыргақәҵа аартрагьы.
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба (1747-1808) изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны ашәахьа лаҵара 2 азы.
Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Џьамбул Инџьгиа иажәақәа рыла ари даара акыр зҵазкуа хҭысуп.
"Сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иазгәарҭоит Қьалашьбеи Чачба иубилеи. Ацәыргақәҵаҿ зынӡа ицәыргоуп 35 експонат. Қьалашьбеи изкны ицәыргоу аусумҭақәа рыҟны иҟоуп иара изку ацитатақәа, асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа исахьақәа, Амиран Адлеиба дызҿу имонументалтә баҟа аескизқәа. Иара убас, раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп асалам шәҟәқәа Ҭырқәтәылатәи архив аҟынтәи исоуз. Урҭ хәба ыҟоуп, макьана еиҭагаӡам, ҳгәы иҭоуп аиҭагара. Ари аҭоурыхҿиарадырра знапы алаку рзы даара аҵакы змоу материалуп", - иҳәеит Инџьгиа.
Ацәыргақәҵа иаҭаарц зҭаху рзы ашәқәа аартуп лаҵара 6 рҟынӡа.
© Sputnik / Леон Адлейба
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
1/4
© Sputnik / Леон Адлейба
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
2/4
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
3/4
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
4/4
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
1/4
© Sputnik / Леон Адлейба
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
2/4
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
3/4
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
4/4
© Sputnik
Қьалашьбеи Чачба изкыу ацәыргақәҵа
Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба диит 1747 шықәсазы. Аԥсны аҳра дахагылан XVIII ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инадыркны. Аԥсуа ҭоурых аҟны ӷәӷәала ишьҭа нижьит. Ҭырқәтәыла аҟынтәи ахьыԥшымра аиуразы, Урыстәыла аимпериеи Аԥсни реимадарақәа амҩақәа разылхра дашьҭалеит. 1806 шықәсазы Сҭампыли Аԥсни реизыҟазаашьақәа рҵыхәтәа ԥиҵәеит, уи иалнаршеит иара ихьыԥшым аҳак иакәны ишьақәгылара. Аурыс-аҭырқәа еибашьраан 1806-1812 шш. рзы Қьалашьбеи Урыстәыла аимпериа дадгылеит, усҟантәи аамҭазы Кавказ хылаԥшра азҭоз аурыс аҳра иатәыз анапхгареи иареи реизыҟазаашьақәа шыманшәаламызгьы.
Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба дыршьит Аҟәа лаҵарамза 2 1808 шықәсазы.