Венгриа Урыстәыла иаҿагыло амчхаратә санкциақәа мап зырцәыркуа ртәы рҳәеит

© AP Photo Noemi BruzakВенгерский национальный флаг
Венгерский национальный флаг - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2022
Анапаҵаҩра
Венгриа Урыстәылатәи амчхарамҩангагақәа ирыдҳәалоуп азы Венгриа аиҳабыра изныкымкәа ирҳәахьеит урҭ рзы мааҭла ахәшәара ишазыхио.
АҞӘА, лаҵара 3– Sputnik. Венгриа анефҭи агази рганахь ала асанкциақәа иахьрыдымгыло атәыла аинтересқәа амчхаратә шәарҭадара рыхьчара иадҳәалоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Венгриа адәныҟатәи аусқәеи адәныҟаекономикатә еимадарақәеи рминистр Петер Сииарто иажәақәа шьаҭас иганы.
Сииарто иажәақәа рыла, венгериатәи аекономика урыстәылатәи анефҭ ада еиԥҟьарада аусура алшом. 65% инаӡоит урыстәылатәи анефҭ ахархәара, аҽа лшаракгьы Венгриа иамаӡам.

"Ҳара ҳзы зегь акоуп мраҭашәарагьы мрагыларагьы иаҳзырҳәозаалакгьы. Ҳара ҳзы ихадароу Венгриа ауп. Аӡәгьы игәы иаанамгааит авенгер жәлар Украинатәи аимак ахә ршәоит ҳәа", – иҳәеит Сииарто ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак ҟаҵо Ҟазахстан адәныҟатәи аусқәа рминистр Мухтар Тлеубердии иареи реиԥылара ашьҭахь.

Сииарто иҳәеит Венгриа евроеидгыла егьырҭ алахәылацәа акритика шазыруа.
"Ҳара иаартны иаҳҳәоит атәыла амчхарашәарҭадара ҳганахь ала ашьаҿақәа аҭахны ишыҟоу. Убри азоуп урыстәылатәи агази анефҭи роураз асанкциақәа ҳазрыдымгыло. Ари политикатә ӡбамҭаӡам… Ари ҳтәыла ашәарҭадара иазхоу ӡбамҭоуп ", –иҳәеит аминистр.
Комплекс подготовки экспортного газа на Украине - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2022
Болгариа ааглыхыҩцәа мақарит агаз ахә халар аҿагыларақәа шымҩаԥырго азы
Уаанӡа Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан иҳәахьан атәыла шазыхиоу урыстәылатәи агаз амааҭ ала ахә ашәара, уи асанкциақәа еиланагоит ҳәа имԥхьаӡакәа.
Украина арратә операциа ианалага инаркны Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа жәпакы алагалоуп. Урыстәыла ари мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго економикатә еибашьроуп ҳәа ахырҳәааит, аҭакс уснагӡатәқәагьы аднакылеит.
Газодобывающее предприятие компании «Укргаздобыча» во Львовской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Белоруссиа мшаԥымза инаркны урыстәылатәи агаз ахә ашәара иалагоит амааҭ ала
Ахатәы економика ахьчарази адоллари аеврои рхархәара аиҵатәрази Урыстәыла анефҭи агази рыхәқәа мааҭла аҭира иалагеит ирҩызам атәылақәа рахь. Иҟоуп ари еичырчараны изыԥхьаӡаз атәылақәа, иҟоуп аҭагылазаашьа ҿыцқәа зхы рзынраалаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0