Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агуманитартә цхыраара: иарбан цхыраароу Аԥсны Донбасс ианаҭо

© Sputnik / Томас Тхайцук ПК с обществом помощи ЛДНР
ПК с обществом помощи ЛДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Анапаҵаҩра
Sputnik апресс-центр аҿы еиҭарҳәеит Аԥсны еиҿкаау иаку ауаажәларратә штаб Донбасс ианаҭо ацхыраара атәы.
АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр атаман, Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла, ааигәа Донбассынтә иааз Вадим Мироненко уа иҟоу агуманитартә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит.

"Донбасс абжара еилаҟәыбаса ишьҭоуп, Мариуполь, Волноваха, ааигәатәи ақыҭақәагьы убас. Аҭагылазаашьа уадаҩӡоуп. Ҳәарада, ҳара иҟаҳҵо маҷӡоуп. Аашықәса ҵуеит Урыстәыла арҭ ауаа ацхыраара рырҭоижьҭеи", - иҳәеит иара.

Донбасс ацхырааразы Аԥсны еиҿкаау иаку ауаажәларратә штаб аԥҵан 2014 шықәсазы. Арҭ ашықәсқәа зегьы иалшо ала аусурақәа мҩаԥаагоит иҳәеит Мироненко.
"Ҳара иҳадлеит абатальон "Горец" Афонд, "Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь", аизыҟазаашьақәа рыҿиара Афонд "Жәлар рдипломатиа", - иҳәеит иара.
Повседневная жизнь в Мариуполе - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Донбасс еибашьуа аԥсуаа дырзааҭгылеит
Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥснаа фырхаҵарыла рмиссиа нарыгӡоит ҳәа азгәеиҭеит Мироненко.

"Пиатнашка" ирацәаҩны иалахәуп, Ахра Аҩӡба инапхгарала иахәҭоу ахықәкқәа нанагӡоит, иҭабуп ҳәа иҳҳәоит. ДЖәР аҟны иаракоуп абас ахатәы хьӡы аманы еибашьуа архәҭа. Егьырҭ ма Урыстәыла Арбџьармчқәа ирыҵаркуеит ма ареспублика амилициа. Зхы иақәиҭу нтернационалтә гәыԥны иҟоу "Пиатнашка" ауп, ҳџьынџьуаҩ Ахра Аҩӡба дызхагылоу", - иҳәеит атаман.

Аԥсны, ЛЖәР, ДЖәР, Урыстәыла реизыҟазаашьақәа рыҿиара Афонд "Аџьынџь" ахада инапынҵақәа назыгӡо Надежда Лиутахина иазгәалҭеит иахьа Донбасс ареспубликақәеи Украина мрагыларатәи ахәҭеи рҿы агуманитартә рыцҳара ду шыҟоу.
"Зегь еилаԥыххаауп, аҩнқәа реиԥш аинфраструктурагьы. Ицәырҵыр алшоит еиуеиԥшым аҿкчымазарақәа", - лҳәеит лара.
Ауааԥсыра афатә-ажәтә, аӡы цқьа, агигиенатә хархәагақәа рҭахуп.
"Акраҵанакуеит Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара ахьыҟарҵо. Донбасс ацхырааразы ҳаштаб иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауеит. Изныкымкәа агуманитартә цхыраара рыманы ицахьеит. Донбасс зыуа-зҭахы нхо ацхыраара шыруеиԥш уатәиқәа рахьтә аӡәгьы уаҩ дыззымдыруагьы ацхыраара ҟарҵоит", - лҳәоит Лиутахина.
© Sputnik / Томас Тхайцук Надежда Лютахина
Надежда Лютахина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Надежда Лютахина
Лара Аԥсны анаплакыҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит активла Донбасс ацхыраара аоперациа рҽаладырхәырц. Ҳаштаб Абазақәа рымҩа, 59 аҭыӡҭаҿы ыҟоуп ҳәа лҳәеит лара.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь" ахантәаҩы Роман Риазанцев иазгәеиҭеит аиҿкаара Донбасс ацхыраара ахы шаланархәыз ԥшьышықәса раԥхьа, еиуеиԥшым агуманитартә акциақәа ишрылахәыз.
"Аԥсны 47 рҟынӡа ҳџьынџьуаа реиҿкаарақәа аԥҵоуп. Ааигәа дара зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵеит аҽеидкыларазы, ҳаӡәыкны аус аауларц, иахьа Донбасси адунеи зегь аҿи иҟоу аҭагылазаашьаан ҳаивагыларц. Еиҿкаарақәак рхадацәа ҳадҵаалеит, ирҳәеит аус ҳацура ишазыхиоу", - иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Роман Рязанцев
Роман Рязанцев  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2022
Роман Рязанцев
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь" лаҵара 3 рзы Аԥсны абизнес-еилазаара ирԥыларц аӡбара аднакылеит Донбасс иҟоу агуманитартә проблема азхьаԥшразы иҳәеит Роман Риазанцев.
Ажәабжьқәа зегьы
0