Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Донбасс еибашьуа аԥсуаа дырзааҭгылеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовседневная жизнь в Мариуполе
Повседневная жизнь в Мариуполе - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы игылеит Аԥсны назлоу Асовет еидгыла уаанӡатәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥсуаа дырзааҭгылеит ажурналист Владимир Соловьев аканал "Соловьев.Live" аҿы даниҿцәажәоз.
"Иазгәасҭар сҭахуп қьырала укараинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ишрыцеибашьуа ақырҭқәа. Дара активла аинформациатә политика мҩаԥыргоит, ароликқәа ҭыхны TikTok иҭарҵоит румҭақәа рзы", - иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иҳәеит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭқәа ирыдгыланы ишеибашьуаз аиҿкаара "УНА-УНСО"* ("Украинатәи Амилаҭтә Ассамблеиа — Украинатәи Жәлар рҽыхьчара", - аред) алахәылацәа.
Глава ДНР вручил бойцам Пятнашки медали За отвагу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2022
Аԥсны
ДЖәР ахада "Пятнашка" аибашьцәа "Агәымшәараз" амедалқәа ранеишьеит
"Усҟан ақырҭуа еиҿкаарақәагьы реиҳарак злашьақәгылаз абандитцәеи амилаҭеилыхыҩцәеи рыла акәын. Урҭ аԥсуаа ҳадгьыл ҳахцаны аунитартә ҳәынҭқарра шьақәдыргылар рҭахын. Уи аибашьарагьы ҳара ҳзы иԥшьан, иахьа Донбасс ицо аибашьра азы ишыԥшьоу еиԥш", - иҳәеит аминистр.
Арӡынба иҳәеит, хатәгәаԥхарала Донбасс еибашьуа аԥсуаа аиашара аус рлагала шалоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0