"Ахәар ҟаԥшь": Волков итеатр РУСДРАМ асценаҟны

Анапаҵаҩра
Фиодор Волков ихьӡ зху Аурыс драматә театр Аԥсны агаcтрольқәа ирылагеит Фазиль Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ асценаҿ ашәахьа лаҵара 2 рзы.
Волков итеатр раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит. Агастрольқәа еиҿнакааит РОСКОНЦЕРТ Урыстәыла акультура аминистрра агастроль-концерттә уснагӡа инақәыршәаны Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.
РУСДРАМ асценаҿ зынӡа иддырбараны иҟоуп ԥшь-спектакльк, "Ахәар ҟаԥшь" - Васили Шукшин, "Иззыԥшу ахҭыс" - Игор Глинков, "Ельза лыдгьыл" - Иарослав Пулинович, фолк-рок-миузикл "Некрасов инаиркны Некрасов иҟынӡа" - Олег Грисевич.
Ажәабжьқәа зегьы
0