Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа аинрал Уалид Маршьан иԥшәмаԥҳәыс лыԥсҭазаара дахьалҵыз азы лҭаацәа дрыдашшылеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2022
Анапаҵаҩра
Џьансет Казанба- Шьамтәылатәи Арабтә Республика депутатс дыҟан, Шьамтәыла ицоз аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз еиҿкаау Агәыҳалалратә фонд напхгара алҭон, "Ахьӡ -аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ланашьан, аԥсуа диаспора ахаҭарнак Уалид Маршьан иԥшәмаԥҳәыс лакәын.
АҞӘА, лаҵара 5- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аинрал Уалид Маршьан иԥшәмаԥҳәыс Џьансет Казанба лыԥсҭазаара дахьалҵыз азы лҭаацәа дрыдашшылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Џьансет Казанба иналукааша уаҩԥсын. Аинрал Уалид Маршьан диарӷьажәҩан, иԥсҭазаара ицеиҩылшон. Лара акыц даҩызан, аха убри аан дыздыруаз зегьы лыԥхарра рхьылыгӡон", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ахада иҳәеит Џьансет Казанба Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи рыҿиареи аҟны лылшамҭақәа шырацәоу.
"Ауаҩ ҟәыш, ауаҩ гәыҭбаа ахааназгьы ҳгәалашәараҿы даанхоит. Абри амш лахьеиқәа аҽны Џьансет Казанба лҭаацәа ҳрыдышшылоит, дыздыруаз зегьы рхьаа рыцеиҩаҳшоит", - азгәеиҭеит Бжьаниа.
Уалид Маршьан Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ арратәи ауаажәларратәи усзуҩын, аԥсуа диаспора дахаҭарнакын. Аԥсны даҭаахьан 1982, 1986 шықәсқәа рзы. Аџьынџьтәылатә еибашьраан ацхыраара ду иуан, илшамҭақәа рацәоуп Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵараҿы. Уалид Маршьан Шьамтәыла инхоз аԥсуа диаспора рҭоурых ԥсадгьыл радҳәалара дацхраауан. Иԥсҭазаара далҵит 2017 шықәса жьҭаара 14 азы.
Жансет Казанҧҳа, иахьа дидикылеит Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2019
Арепатриациа
Жансеҭ Казанԥҳа: сыԥсы ҭанаҵы гəык-ԥсыкала Аԥсныи Шьамтәылеи рымаҵ зулоит
Ажәабжьқәа зегьы
0