Аҭаацәара иалалахьоугьы ҳамоуп: "Ашана" аусура аихшьаала ҟанаҵеит

Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәса рыҩнуҵҟа инанагӡоз аусура аихшьаала ҟанаҵеит. Зегьы иреиҳау алҵшәа ҳәа иалыркаауа далацәажәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" АИХ рымадаразы аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы.
Агәыҳалалратә фонд аусура аиҳарак азырхоуп Аԥсны инхо згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа Урыстәылеи аҳәаанырцәи иреиӷьу ахәшәтәырҭақәа рҿы рыхәшәтәра. Жәашықәса ирҭагӡаны афонд ацхыраара рнаҭеит 323- ҩык ахәыҷқәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп згәабзиара инагӡаны еиҭашьақәзыргылазгьы.
"Урҭ рахьтә иҟоуп аҭаацәара иалалахьоу ҩыџьа аҭыԥҳацәа. Кристина Ҵәыџьԥҳа лыӡбахә сҳәар сҭахуп. Лара ҩыџьа ахшара дрануп. Уажәааигәа убасгьы ҳалацәажәон Анастасиа Мухорина лҭоурых. Ларгьы, ахәыҷы длоуртә еиԥш алшара ҟалеит, лгәабзиара еиҭашьақәыргылоуп, уажәшьҭа лара лыԥсҭазаара зынӡаск аҽаԥсахит" - ҳәа азгәалҭоит Мархолиаԥҳа. Абас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа роуп зегьы иреиҳау лыҵшәаны иазылыԥхьаӡо Асида Мархолиаԥҳа афонд "Ашана" аусура аҟны.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0