Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР: Қырҭтәыла аҵакырақәа рымпыҵахалараз ахшыҩҵак аиаша иақәшәом

© Foto / Министерство Иностранных дел Республики АБХАЗИЯМИД Абхазии
МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Анапаҵаҩра
2008 шықәса раахыс Қырҭтәыла иахьабалак жәларбжьаратәи ацәажәарҭақәеи аинформациатә ҵакыраҿи рхы иадырхәоит "ирымпыҵахлоу аҵакырақәа" ҳәа атезис. Уи иаанаго Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла иампыҵахалан иҟоуп.
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Ирымпыҵархалаз аҵакырақәа ҳәа Қырҭтәылаа ирҳәо ахшыҩҵак аиаша иақәшәом ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
Адипломатцәа иазгәарҭоит Қырҭтәыла аганахь ала еснагь ишуаҳауа ҵаҵӷәы змам ахарахаҵара. Урыстәыла "аҵакырақәа ампыҵанахалеит" ҳәа Қырҭтәыла иҟанаҵо аҳәамҭақәа Америкеи Мраҭашәара егьырҭ атәылақәеи адгылара арҭоит.
Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аполитикаҿы аԥыжәара амоуп "ирымпыҵахалоу аҵакырақәа" ҳәа ахшыҩҵак иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр. Убри аан иахьазы аус зуа жәларбжьаратәи азин азԥҵәақәа инарықәыршәаны, арратә мпыҵахалара ҳәа иршьо, аибашьратә ҭагылазаашьа иахҟьаны аамҭала тәылак аҵакыра аҽа тәылак ар иаанкылан ианрымоуи ари аҵакыраҿ дара напхгара аныҟарҵои ауп.
"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ иҟоу аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи азхаҵара змоу ампыҵахалара акритериақәа ирықәшәом. Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. Ара азакәаншьаҭа рыманы аҳәынҭқарратә мчратә усбарҭақәа алхуп, урҭ адәныҟатә цхыраарада атәыла анапхгара мҩаԥыргоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Хазы инаҵшьны иазгәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа мҽхакыҭбаала аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс ишрымоу, урҭ астратегиатә ҟазшьа шрымоу, жәларбжьаратәи азин анормақәа зегьы ишрықәшәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0