https://sputnik-abkhazia.info/20220508/1039011602.html
Аиааира аҳаҭыр азы: Дәрыԥшь аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа
Аиааира аҳаҭыр азы: Дәрыԥшь аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа
Sputnik Аҧсны
Аицлабрақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа. 08.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-08T16:55+0300
2022-05-08T16:55+0300
2022-05-08T17:01+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/08/1039011628_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_39bb0d1890067dd12f6e306f5b6a2f09.jpg
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа ирылагеит.Аицлабрақәа рыпрограмма иалоуп аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара.1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа хыркәшахоит лаҵара 9 рзы. Аиааира згаз ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьоит.1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 17 нызқь инареиҳаны аибашьра адәы изалымҵит. "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит Аԥсны атәылауаа 22-а.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/08/1039011628_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_09807c67b17471878046cad07d3fc6e1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аиааира аҳаҭыр азы: Дәрыԥшь аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа
16:55 08.05.2022 (ирҿыцуп: 17:01 08.05.2022) Аицлабрақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа ирылагеит.
Аицлабрақәа рыпрограмма иалоуп аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа хыркәшахоит лаҵара 9 рзы. Аиааира згаз ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьоит.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 17 нызқь инареиҳаны аибашьра адәы изалымҵит. "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит Аԥсны атәылауаа 22-а.

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа ирылагеит лаҵара 8 рзы.

Аицлабрақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа: Аацы, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь, Лыхны, Џьырхәа.

Аицлабра апрограмма иалоуп ԥшьы-хкык аиндаҭларақәа.

Уи аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара.

Иара убас аҽыбӷаҟазацәа 1400, 1800, ҩынтә 2000, иара убас 4000 метра иҟоу абжьаӡарақәа рҟны еиԥхныҩлоит.

Аҽырыҩрақәа ирылахәуп зықәра анаало, иҷыдоу азыҟаҵара змоу аҽқәеи аҽыбӷаҟазацәеи.

Аныҳәамшқәа раан амш шәшьын, ақәа леиуан.

Ари аҽыбӷаҟаза аҵәеигәыдҵа далахәуп.

Аԥҟарақәа рыла, аҵәы ануршәлак, аҽыуаҩ иқәшәароуп, ма аҽы иақәшәароуп.

Аҵәы аҽыуаҩ иқәшәар, ҩ-баллк уоуеит, аҽы иақәшәар - баллк.

Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа хыркәшахоит лаҵара 9 рзы.