Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәираиа еиҭеиҳәеит Аиааира Ду амшныҳәазы амотоныҟәарақәа шеиҿкаахо

Қәираиа еиҭеиҳәеит Аиааира Ду амшныҳәазы амотоныҟәарақәа шеиҿкаахо
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду амшныҳәа Лаҵара 9 аҽны амотоцикл абзиабаҩцәа иазгәарҭоит амотоныҟәарақәа. Уи иалахәхо, нас ишымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ерасҭ Қәираиа.
77 шықәса ҵуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира гоижьҭеи. Ари аныҳәамш аҽны лаҵарамза 9 рзы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ирыхәҭакхоит амотоцикл абзиабаҩцәа Аҟәантәи Галынӡа амҩа ранысра, абаҟақәа рҭаара. Ус еиԥш ала амотоныҟәара иалахәхар ҟалоит 20-ҩык иреиҵамкәа амотоцикл арныҟәцаҩцәа. Аԥснытәиқәа рнаҩсгьы ари аныҟәара Урыстәылатәи арныҟәцаҩцәа алахәхома, ауснагӡатә шԥамҩаԥгахо уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит амотоныҟәарақәа еиҿызкааз Ерасҭ Қәираиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0