Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла ар адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахаларазы Киев аҽазышәарақәа аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлагманский корабль шестого флота США Mount Whitney в порту Таллина
Флагманский корабль шестого флота США Mount Whitney в порту Таллина - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2022
Анапаҵаҩра
Адгьылбжьаха Змеиныи акыр зҵазкуа аҵак ду амоуп Амшын еиқәа аҩада-мраҭашәаратәи ахылаԥшразы.
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Лаҵара 7 азы Урыстәыла ар адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахаларазы Киев акырынтә аҽазышәарақәа аԥдырҟәҟәааит. Иҭархоуп 50-ҩык украинатәи адиверсантцәа, икажьуп аҳаирпланқәеи аверталиотқәеи быжьба, 29 дрон. Абри атәы ааицҳаит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Иара иажәақәа рыла лаҵара 7 азы Зеленски хаҭалатәи идҵала украинатәи ар рыштаб хадеи ЕААи Британиа дуи рҟынтәи абжьгаҩцәеи алахәны адгьылбжьаха Змеиныи ампыҵахалараз апровакациа азыԥхьагәаҭан. Ҩымш рыҩнуҵҟа Киев изныкымкәа, аҳаиртәии амшынтәии десант аҭыԥ ахь инанашьҭит.
"Адгьылбжьахаҿы иҟаз урыстәылатәи аруаа ирылдыршеит ари апровокациа аԥырҟәҟәаара. Абри аан украинатәи аҳаирпланқәа ԥшьба: Су-24(3), Су-27 (1), авертолиотқәа Ми-8 (1), авертолиот Ми-24 (1) кажьын", - иҳәеит аинрал.
Иара убасгьы иҳәеит ҩымш рыҩнуҵҟа ишкажьыз аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 29, ("Баирактар ТБ-2" жәба). "Баирактарқәа" ԥшьба иахьа икажьуп ҳәа.
"Зеленски иихәыцыз апровокациа иахҟьаны иҭархан 50-ҩык украинатәи адиверсантцәа. Адгьылбжьахаҿы иаанхеит 24-ҩык рыԥсыбаҩқәа", - ҳәа иҳәеит Конашенков.
Аинрал иажәақәа рыла лаҵара 8-9 руыхаз иҭархан украинатәи адесант-жәыларатә катерқәа 58181 "Кентавр" хԥа аррамаҵзурауаа рҭаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0