Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы аҵәыҵәри ишиашоу анеира еиҿкаауп

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВременные госпитали для больных COVID-19
Временные госпитали для больных COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Анапаҵаҩра
Аҵәыҵәритә станциа аргылара аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи иазоужьын 6,5 миллион мааҭ.
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы ишиашоу аҵәыҵәри анеира еиҿкаауп, амонтажтә усурақәа хыркәшоуп аграфик иаԥыганы ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит амедусҳәарҭа аҳақьым хада и.н. Ерик Ҳаҭхәа.
Аҵәыҵәри неилоит Ареспубликатә хәышәтәырҭахь еиԥш Ахшараиурҭа аҩнахьгьы. Амедицинатә газ аинтенсивтә терапиеи ареанимациеи рпалатақәа, апроцедуратә кабинетқәа, аоперациатәии адкыларҭатәии ҟәшақәа рахь ишиашоу инеиуеит.
Уаанӡа ахәшәтәырҭа ҵәыҵәрила аиқәыршәаразы агаз баллонла иаагатәын, уигьы мышқәак ракәын ианазхоз.
Аҵәыҵәри ахаҭа Урыстәылантәи иааргоит, агазификатор х-тоннак акуеит. Аштатнҭыҵтә ҭагылазаашьақәа рзы аҵәахқәа азԥхьагәаҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0