Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атеррористтә шәарҭара аҟазаара аҿҳәара иацҵоуп Белгородтәи аобласт аҿы

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Белгородской области
Ситуация в Белгородской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Анапаҵаҩра
Белгородтәии егьырҭ Украина иаԥну аобластқәеи рҿы мшаԥы 11 раахыс УАМ апровокациақәа ирхырҟьаны атеррористтә шәарҭара аҩаӡара ҳарак азгәаҭоуп.
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Лаҵара 25 рҟынӡа Белгородтәи аобласт иахьаҵанакуа атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара рылаҳәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Белгородтәи аобласт агубернатор Виачеслав Гладков Telegram-канал аҿы.

"Лаҵара 25 рҟынӡа Белгородтәи аобласт иахьаҵанакуа атеррористтә шәарҭара "аҩеижь" ҩаӡара ыҟазаауеит. Абри азы иахәҭоу адокумент анапы аҵаҩуп", - ҳәа иҩуеит агубернатор.

Белгородтәии егьырҭ Украина иаԥну аобластқәеи рҿы мшаԥы 11 раахыс УАМ рпровокациақәа ирхырҟьаны атеррористтә шәарҭара аҩаӡара ҳарак азгәаҭоуп. Убас, Украина аган аҟынтәи изныкымкәа аҳәаа иаԥну ақыҭақәа ирылахысхьеит. Мшаԥы 1 азы иҟаз авиажәылара иахҟьаны анефҭбаза аҿы амцакра ҟалеит.
Учения МЧС по тушению лесных пожаров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Белгородтәи аобласт аҟны иҟаз арратә ргылара амца акит
Ажәабжьқәа зегьы
0