Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәытәра зырцәажәо абызшәоуп: аԥсшәеи аԥсуа ҭоурыхи ирызкыз алекциа мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Наала Гумба Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи ирызку алекциақәа рцикл ҟалоит наҟ-наҟгьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿы.
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. "Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаараҟны" захьӡыз алекциа мҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны лаҵарамза 11 рзы. Уи мҩаԥигеит аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгиа.
Аусмҩаԥгатә ахь имҩахыҵит аҵарауаа, АААК аусзуҩцәа, астудентцәа, ажурналистцәа.
Алекциаҿы рыӡбахә ҳәан ижәытәӡатәиу аԥсуа ажәақәа, ирзааҭгылан абызшәа зырцәажәо, уи азқьышықәсатәи ашьақәгылара зырҵабыргуа афактқәа, анҵамҭақәа.
© Sputnik / Наала Гумба Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
© Sputnik / Наала Гумба Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
1/2
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
2/2
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу ахыҵхырҭа ажәлар рҭоурых аҭҵаара аҟны. Џьамбул Инџьгиа илекциа
Алекциа алагамҭазы ауаажәларра рымадаразы АААК аспециалист Изольда Ҳагԥҳа еизаз рахь лхы рханы иазгәалҭеит Аконгресс шазҿлымҳау ас еиԥш иҟоу аҭоурых ахь ҳхьазырԥшуа алекциақәа реиҿкаара. Убас, лара иазгәалҭеит ԥхьаҟа иҵегьы инарҭбааны, мҽхакы ҭбаала алекциақәа рымҩаԥгара хықәкыс ишрымоу атәы:
"Иахьатәи ҳлекциа аиҿкааразы иҭабуп ҳәа иаҳҳәарц ҳҭахуп аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа. Ас еиԥш агәҭакы анидаҳгала, мап ҳцәимкӡеит. Агәра ганы сыҟоуп даараӡа азҿлымҳара аҵаны имҩаԥысып ҳәа алекциа. Ари ала АААК аусура иацҵахоит, ԥхьаҟа еиуеиԥшым атемақәа рыла дықәгылараны дыҟоуп ҳҭоурыхҭҵааҩ қәыԥш", - ҳәа азгәалҭеит Изольда Хагԥҳа алекциа алагаанӡа.
Аԥсшәеи аҭоурыхи реиҿырԥшра: Инџьгиа аҭоурых аҭҵаараҿы абызшәа аҭыԥ далацәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Аԥсны
Аԥсшәеи аҭоурыхи реиҿырԥшра: Инџьгиа аҭоурых аҭҵаараҿы абызшәа аҭыԥ далацәажәеит
Алекциаҟны иӡырган аԥсуа бызшәа иаланагалаз ижәытәӡатәиу ажәақәа, урҭ ахьынтәаанагаз, иарбан нырроу аԥсуа бызшәа иарҭо уҳәа еиуеиԥшым аҭоурыхтә знеишьақәа, агәаанагарақәа.
Алекциа амҩаԥгаҩ Џьамбул Инџьгиа иажәақәа рыла, абызшәа шаҟа иҭуҵаауа аҟара, иузаатуеит иагәылаҵәаху амаӡақәа, иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, азқьышықәса иргәылсны иаагоу аԥсуа бызшәа абеиара макьана еилкааны ишаҳзымдыруагьы, уи аганахьала иҭырҵаахьоу аҭоурыхтә материалқәагьы шырацәоу атәы.
"Абызшәеи аҭоурыхи хеибарҭәаауеит. Аҭоурых ыҟамкәан, абызшәа аҭҵаара ҳалшаӡом. Аԥсуа бызшәа шаҟа иҭуҵаауа аҟара, убас узыршынхаша аҭоурыхтә фактқәа узаатуеит, уи иагәылаҵәахуп хәы змаӡам амал", - иҳәеит Џьамбул Инџьгиа.
Алекциа иацҵауа, иара дазааҭгылеит абызшәа иаланагалаз атәым ажәақәа, аԥсуа жәаԥҟақәа, урҭ рышьақәгылара аҭоурых, изхылҿиааз уҳәа еиуеиԥшым аҿырԥштәқәа ааигеит.
"Аԥсуа бызшәа иаланагалахьоу атәым ажәақәа рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәоуп ҳәа агәаанагара змоу ауаа срықәшаҳаҭӡам. Аԥсуа бызшәа еснагь ицәажәон, иарбан маҭәарзаалакгьы иамоуп иара ахатәы аԥсуа хьӡы. Иҟоуп урҭ шьҭа ҳхы иаҳмырхәо, архаизмқәа рахь иаҵанакуа", - иҳәеит иқәгылараҟны Џьамбул Инџьгиа.
Алекциа алахәылаҩцәа ирыман алшара амҩаԥгаҩ изҵаарақәа рҭак аҟаҵара.
Аҭоурыхҭҵааҩ, алекциа амҩаԥгаҩ Џьамбул Инџьгиа алекциа анхыркәшаха ашьҭахь, игәаанагара ҳацеиҩшо, иара иазгәеиҭеит имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә гәахәарыла ишидикылаз, азыӡырҩцәа рызҿлымҳареи урҭ реимадареи ахә ҳаракны ишишьо атәы.
"Зегь раԥхьа инаргыланы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа. Сгәы иаанагоит азыӡырҩцәеи ҳареи ҳацәгьамкәан аус еицаҳуит ҳәа. Ҳлекциақәа ирыцҵахоит, ԥхьаҟатәи алекциа "Аԥсуа лабашьа" иазкхоит", - иҳәеит иара.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгьиа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы иусумҭа ахьчара атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгиа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы иусумҭа ахьчара атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0