00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгиа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы иусумҭа ахьчара атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгьиа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы иусумҭа ахьчара атәы
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхдырҩы Џьамбул Инџьгиа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы аусумҭа ихьчеит. Уи зызкыз, ихықәкы шаҟа аамҭа дазнеиуаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.
Аҭоурыхдырҩы Џьамбул Инџьгиа аҭҵаарадырратә усумҭа ихьчеит. Аҵарауаҩ икандидаттә усумҭа рзикит ХIХ ашәышықәса анҵәамҭеи ХХ-тәи ашәышықәса актәи азбжеи Аҧсны аҭоурых аисториософиа азҵараақәа. Ари атема алхра шыҟалаз, аҭҵаарадырратә усумҭа џьабаас иадбалаз, ҳтәылаҿы аҭҵаарадырра аԥеиԥши дрылацәажәеит ААУ Аҧсны аҭоурыхи археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩ еиҳабы, аҵарауаҩ Џьамбул Инџьгиа.
"Абас уахи- ҽни шықәсыки бжаки раҟара садтәалан сҳәар ауеит. Аматериал еизганы исыман, зегьы схаҿы иҟан. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса снадтәаланы еизызгаз аматериал аус адызулеит.
Аҭоурыхҿиарадырра (историографиа) темак анҭыуҵаауа, уи иазкны иҭырҵаахьоу аусумҭақәа рыхҳәаа ҟауҵоит, аҭоурых афилософиа (аисториософиа) даҽа хырхарҭоуп иамоу. Иаҳҳәап, еиуеиԥшым аамҭақәа реиҿырԥшра, иара убасгьы ҩба-хԥа-ԥшьба еиуеиԥшым аҭоурыхтә ҭҵаарадырратә хырхарҭақәа, иаҳҳәап, археологиа, аетнологиа, иара аҭоурых ахаҭоума, афилософиа аума, зегьы еиҿыбааны, иуҳәар ҟалоит, лкааҟаҵагатә инструментуп", - иҳәеит Инџьгиа.
Иара иазгәеиҭеит аисториософиа аганахьала иусумҭа Аԥсны аҭоурых аҟны раԥхьатәи шакәу.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0