Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥшьоу аибашьцәа: аиашахаҵаратә уахәама аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа аатит Каман

© Sputnik / Томас Тхайцук Выставка православной иконописи в Каманском монастыре
 Выставка православной иконописи  в Каманском монастыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Анапаҵаҩра
Камантәи аберҭыԥ аҿы аиашахаҵаратә уахәама аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа рбар рылшоит изҭаху зегьы. Ацәыргақәҵа аартуп ԥшьымш рыҩнуҵҟа.
КАМАН, лаҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара иазку аиашахаҵаратә уахәама аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа "Иԥшьоу аибашьцәа" аатит Камантәи аберҭыԥ аҿы лаҵара 11 рзы.
Ацәыргақәҵахь инагоуп 50 рҟынӡа усумҭа, ажәытә аурыс ажәытә бырзен ныхаҩыра аԥҟарақәа зныԥшуа. Ацәыргақәҵа аекспонатқәа аздырхиеит Тамбовтәи асахьаҭыхыҩцәа-аныхачаԥаҩҩцәа реидгыла "Къ Свету".
Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати (Киут) иҳәеит Аԥсны аҵакыраҿы ари аҩыза ауснагӡатә раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥгоу.
"Урыстәыла зыхьчоз аибашьцәа зныԥшуа 50 инареиҳаны усумҭа ааргеит. Ара иубоит Александр Невтәи, Дмитри Донтәи, Сотник Лонгин. Ишыжәдыруеиԥш адунеи аҿы аҭагылазаашьа шәарҭоуп, ицоит аибашьрақәа. Аԥсадгьыл бзиа ибалатәуп, ахьчара уазыхиазароуп", - иҳәеит иара.
Тамбовтәи аҳәынҭуниверситет арҵаҩы, асахьаҭыхыҩ Михаил Никольски аныхачаԥаҩыра амаӡақәа ртәы ацәыргақәҵа аҭааҩцәа зегьы ирзеиҭеиҳәеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Иԥшьоу аибашьцәа: аиашахаҵаратә уахәама аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа аатит Каман

Иԥшьоу аибашьцәа: аиашахаҵаратә уахәама аныхачаԥақәа рцәыргақәҵа аатит Каман - Sputnik Аҧсны
1/4

2/4

3/4

4/4

Аекспозициа ханарҭәааит Анцәа иан лныхачаԥа "Аиқәырхаҩ". Иара шәышықәса инеиҳаны раԥхьа Аԥсны иҩын, аха нас аҳәаанырцәҟа иагеит. Ааигәа аигумен Игнати иаԥшьгамҭала аԥсадгьыл иазыхынҳәит.
"Москва антиквартә дәқьан аҿы ишырҭиуаз ҳаҳаит. Иаагеит. Аныхачаԥа 120-130 шықәса ахыҵуеит", - иҳәеит иара.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада Аб Виссарион (Аԥлиаа) аныхачаԥа иԥшьеит.
Аныхачаԥақәа аҭәа иалху аӷәаҿы иҩуп, ахархәара рыҭоуп иԥсабаратәу аматериалқәа: левкасн, ахьыҵаӷаԥс, акәтаӷь агәы ала иҩу аминералтә пигментқәа, ацәеи алаки. Иараа убас ирацәоуп адоуҳатә тематика иадҳәалоу асахьақәа.
Киут еиҭеиҳәеит шәышықәса зхыҵуа аныха Аԥсныҟа ишырхынҳәхаз атәы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Арадио
Киут еиҭеиҳәеит шәышықәса зхыҵуа аныхачаԥа Аԥсныҟа ишырхынҳәхаз атәы
Ацәыргақәҵа еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрреи Г. Р. Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университети реицаԥшьгарала. Имҩаԥысуеит ԥшьымш рыҩнуҵҟа Камантәи аберҭыԥ аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0