https://sputnik-abkhazia.info/20220512/zanaria-zhlar-rpoet-shynba-izy-asua-zha-amch-ireiau-aarakyrakh-inazgaz-aza-duup-1039064283.html
Занҭариа Жәлар рпоет Шьынқәба изы: аԥсуа жәа амч иреиҳау аҳаракырахь иназгаз ҟаза дууп
Занҭариа Жәлар рпоет Шьынқәба изы: аԥсуа жәа амч иреиҳау аҳаракырахь иназгаз ҟаза дууп
Sputnik Аҧсны
105 шықәса раԥхьа диит Аԥсны Жәлар рпоет, академик Баграт Шьынқәба. Апоет, акритик Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит иҵараҿы, ирҿиаратә... 12.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-12T12:19+0300
2022-05-12T12:19+0300
2022-05-12T12:22+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/0c/1039064356_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_47d29f6b59f4e57d6d6f97741f4fabad.jpg
Занҭариа Жәлар рпоет Шьынқәба изы: аԥсуа жәа амч иреиҳау аҳаракырахь иназгаз ҟаза дууп
Sputnik Аҧсны
Занҭариа Жәлар рпоет Шьынқәба изы: аԥсуа жәа амч иреиҳау аҳаракырахь иназгаз ҟаза дууп
Аԥсуа поезиа ӷәӷәан инакәызаалак, афольклор аҟынтәи ахы ыҵнахуеит, аха Баграт Шьынқәба даҽа ҳаракырак ахь инеигеит, ацәанырреи, аемоциеи, ахшыҩзцареи еилаӡҩаны ишьҭызхыз ҟаза дуны дҟалеит ҳәа иԥхьаӡоит Владимир Занҭариа."Аԥсышәала аӡәыр ажәеинраала иҩуама, еиҭагак инапы иҵижьуама, иара зегьы дазҿлымҳан, избанзар хьаас иман зегь реиҳа алитература аҿиара, абызшәа, аҭоурых. Ипоезиа ҳаракуп даараӡа, адунеитә шәага-загақәа ирыдукылартә иҳаракуп, афилософиа, ахшыҩ, ацәанырра аҵоуп. Аԥсуа жәеинраала амчхара шьҭихит. Еиҳараӡак 1960-1970 тәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз афилософиатә жәеинраалақәа џьара адунеитә амилаҭтә литературак аҩаӡара иаҵахо иҟаӡам. Ипоезиаҟны аҵаки аформеи реинаалара, ргармониа ҳәашьа змам аҳаракыра аҟынӡа ишьҭихит", - иҳәеит Занҭариа.Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба - апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, ианашьоуп Ленин иорден, алитературазы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, ароман "Ахра ашәа" азы Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә премиа, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара, СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рлахәыла диит лаҵара 12, 1917 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/0c/1039064356_166:0:1875:1282_1920x0_80_0_0_468d4874f873214d5073c92b343119bd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Занҭариа Жәлар рпоет Шьынқәба изы: аԥсуа жәа амч иреиҳау аҳаракырахь иназгаз ҟаза дууп
12:19 12.05.2022 (ирҿыцуп: 12:22 12.05.2022) 105 шықәса раԥхьа диит Аԥсны Жәлар рпоет, академик Баграт Шьынқәба. Апоет, акритик Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит иҵараҿы, ирҿиаратә мҩаҿы дышицхраахьаз Баграт Уасил-иԥа, дазааҭгылеит апоет ду ихаҭара.
Аԥсуа поезиа ӷәӷәан инакәызаалак, афольклор аҟынтәи ахы ыҵнахуеит, аха Баграт Шьынқәба даҽа ҳаракырак ахь инеигеит, ацәанырреи, аемоциеи, ахшыҩзцареи еилаӡҩаны ишьҭызхыз ҟаза дуны дҟалеит ҳәа иԥхьаӡоит Владимир Занҭариа.
"Аԥсышәала аӡәыр ажәеинраала иҩуама, еиҭагак инапы иҵижьуама, иара зегьы дазҿлымҳан, избанзар хьаас иман зегь реиҳа алитература аҿиара, абызшәа, аҭоурых. Ипоезиа ҳаракуп даараӡа, адунеитә шәага-загақәа ирыдукылартә иҳаракуп, афилософиа, ахшыҩ, ацәанырра аҵоуп. Аԥсуа жәеинраала амчхара шьҭихит. Еиҳараӡак 1960-1970 тәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз афилософиатә жәеинраалақәа џьара адунеитә амилаҭтә литературак аҩаӡара иаҵахо иҟаӡам. Ипоезиаҟны аҵаки аформеи реинаалара, ргармониа ҳәашьа змам аҳаракыра аҟынӡа ишьҭихит", - иҳәеит Занҭариа.
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба - апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, ианашьоуп Ленин иорден, алитературазы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, ароман "Ахра ашәа" азы Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә премиа, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара, СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рлахәыла диит лаҵара 12, 1917 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.