Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаби аекологцәеи Аԥсны амшынҳәақәа рыԥсра азҵаара иалацәажәеит

© Sputnik / Адгур АвидзбаМертвый дельфин
Мертвый дельфин - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны амшын аԥшаҳәаҿы амшынҳәақәа рҭахара аҟазауаа реиԥш ауаажәларрагьы аднаԥхьалеит.
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи АНА аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбари Аԥсны иаҵанакуа амшынӡқәа рҿы амшынҳәақәа рҭахара азҵаара иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аекологцәа ирҳәеит асеиԥш уажәадагьы ишыҟалахьаз, уажәы аҭагылазаашьа шҭырҵаауа.
Дара ражәақәа рыла амшынҳәақәа рҭахара амзызқәа еиуеиԥшым, иҟалоит аԥсыӡкыга-акаҭақәа ааха рырҭазар, ма дара ирԥырхагоу ҿкчымазарак шьҭыркаазар.
Амшынҳәақәа рыԥсыбаҩқәа ргәаҭараан дәныҟатә ныррак рыдбалам, аха ус шакәугьы аԥсыӡкыга-каҭақәа ахылаԥшра ӷәӷәа рыҭалатәуп.
Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ахылаԥшра иацҵазарц, ауаҩы ихырҟьаны амшынҳәақәа рҭахара алзмыршо ауснагӡатәқәа рзы ажәалагалақәа аздырхиарц.
Уи адагьы аилацәажәараҿы иазааҭгылан Гагра араиони Очамчыра акалақьи аҿы аҟәара арӷәӷәара, аӡиасқәа амшынтә ӡҵакыра ранырра, аплиажқәа рцәырҵра, ианаамҭоу аӡышьҭрақәа ррыцқьара уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
Ажәабжьқәа зегьы
0