Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵарашықәс хыркәшахоит ихьшәаны

© Sputnik / Бадрак АвидзбаГудаутская средняя школа №4
Гудаутская средняя школа №4 - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2022
Анапаҵаҩра
2021-тәи аҵарашықәс иалагеит цәыббра 1 азы, аха аепидемҭагылазаашьа аицәахара иахҟьаны ашколхәыҷқәа акарантин аҿы рыҟазаара аҽҳәара иацҵан.
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Актәи акласс аҵаҩцәа рыда Аԥсны ашколхәыҷқәа зегь рзын аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гоит рашәара 3 рзы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Актәи акласс аҵаҩцәа рҵара хыркәшахоит лаҵара 27 рзы.

Ҭаркьыл лажәақәа рыла, аҵаратә процесс иацҵоуп мчыбжьык, аӡын ахәыҷқәа акыраамҭа акарантин иахьоужьыз азы.

9-тәи, 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа аушьҭымҭатә ԥышәарақәа ирылагоит рашәара 6 инаркны, иагьхыркәшахоит рашәара 24 рзы. Ашколхәыҷқәа хәба-хәба ԥышәара рҭиуеит - ахатәы бызшәеи алитературеи, алгебра, Аԥсны аҭоурых, иара убас дара ирҭаху маҭәарк.
Ҭаркьылԥҳа ишазгәалҭаз ала, 2022 шықәсазы аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа 567-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьынтәи быжьҩык ахьи араӡни медалқәа рҽазыршәоит.
Қәҭелиа атом-классқәа раартразы: ахәыҷқәа аҵаразы гәазыҳәарак роуп ҳәа ҳаԥшуп   - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Арадио
Қәҭелиа атом-классқәа раартразы: ахәыҷқәа аҵаразы гәазыҳәарак роуп ҳәа ҳаԥшуп
Аԥышәарақәа хыркәшаны ашкол излалгаз аршаҳаҭгақәа анроулак ашьҭахь Аҟәа имҩаԥгахоит ақалақьтә хәылԥазы, аха макьана уи анымҩаԥгахо арыцхә шьақәырӷәӷәаӡам. Убри аан Ҭаркьылԥҳа иазгәалҭеит иарбан усмҩаԥгатәызаалак асанитартә нормақәа инарықәыршәаны ишымҩаԥгахо.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны 155 школ рыҟны аҵара рҵоит 28 нызқьҩык аҵаҩцәа, урҭ рахьынтәи ҩ-нызқьҩык инареиҳаны актәи акласс аҵаҩцәа роуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0