Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ аҿы Апарламент ахь алхрақәа раан абжьыҭиразы ауаа 40 % ааихьеит

© Sputnik / Сария Кварацхелия Голосование на повторных выборах депутата.
Голосование на повторных выборах депутата. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2022
Анапаҵаҩра
Аиааиразы акандидат иоуроуп 50% бжьык ацны, убри аан абжьыҭирахь иааироуп 25% иреиҵамкәа иҭаҩу алхыҩцәа.
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. АКХ адыррақәа рыла, асааҭ 15:00 рзы Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ № 18 аҿы Апарламент ахь алхрақәа раан абжьыҭиразы ауаа 40, % ааихьан.
Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа рлахәылацәа ражәақәа рыла, алхрақәа ҭынчны, еилагарада имҩаԥысуеит. Хымԥада иааираны иҟаз 25% алхыҩцәа шьыбжьонынӡа иааихьан.
Алхратә ҭыԥ №1 аҿы 2133 рахьтә рыбжьы арҭахьан 878-ҩык. Аҭыԥанатәи алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Аида Лакоба иажәақәа рыла, згәамбзиара иахҟьаны бжьыҭира изымааиуа рахь абригада неины рыбжьы рҭииртә алшара рырҭоит.
Алхратә ҭыԥ №1 аҿы 1528 рахьтә рыбжьы арҭахьан 600-ҩык, урҭ рахьтә аҩны - 51.
Адепутаттә ҭыԥ азы иқәгылоуп ҩыџь акандидатцәа - уаанӡатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа, уаанӡатәи апрокурор Беслан Ҭаркьыл.
Аиҭалхрақәа рзы Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы алхратә ҭыԥқәа аартын асабша лаҵара 14 асааҭ 8:00 рзы, урҭ аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0