Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит амилаҭеилыхыҩцәа Херсон "Смерч" ала ишалахысыз

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия ракетно-артиллерийского удара ВСУ по жилым кварталам Херсона
Последствия ракетно-артиллерийского удара ВСУ по жилым кварталам Херсона - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Анапаҵаҩра
Аусбарҭаҿ иазгәарҭоит аҭынч уааԥсыра ааха зрырҭо урҭ Урыстәыла иахьадгыло азы шакәу.
АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит амилаҭеилыхыҩцәа ақалақь Херсон РСЗО "Смерч" ала ишалахысыз. Абри атәы аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал аҿы иазгәанаҭеит.
"Иацы асааҭ 10:00 - 11:00 рзы украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ареактивтә системақәа "Смерч" рыла Херсон ақалақь аҭынч уааԥсыра ирылахысуан. Урыстәылатәи ПВО 10 реактивтә хеиҵаҵа ааныркылеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аминистрраҿы иазгәарҭеит ақалақь аҿы ар шгылам, изалахысуаз Херсон ауааԥсыра Урыстәыла иахьадгыло азы шакәу.
Иара убасгьы Херсонтәи аобласт Чернобаевка иахьаҵанакуа ПВО ахархәагақәа РСЗО "Смерч" ареактивтә хеиҵаҵақәа жәба карыжьит, ДЖәР харковтәи аобласт аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 23 карыжьит.
Уаанӡа Херсонтәи аобласт ашықәс нҵәаанӡа Урыстәыла анапаҵаҟахь аиасра шрыгәҭаку азы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Херсонтәи аобласт аҿы арра-тәылауаҩратә хадарақәа аԥҵоуп, аус руеит урыстәылатәи ателеканалқәа, арадио, Ҟрыми аобласти рыбжьара акоммуникациақәа еиҭашьақәдыргылоит. Лаҵарамзаахыс урыстәылатәи амааҭ ахь ииасит. Ашықәс анҵәамҭаз Урыстәылатәи азакәанԥҵарахь аиасра рыгәҭакуп.
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Херсонтәи аобласт Урыстәыла алаларазы азыҳәа анашьҭра аҿҳәара азгәанаҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0