https://sputnik-abkhazia.info/20220517/ynala-zgabziara-uashshyrou-auaasyra-ausura-rourazy-ausuraa-izy-feida-alazaroup-1039132515.html
Џьынџьалԥҳа згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра аусурҭа роуразы: аусураҭаҩ изы феида алазароуп
Џьынџьалԥҳа згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра аусурҭа роуразы: аусураҭаҩ изы феида алазароуп
Sputnik Аҧсны
Зылшарақәа ԥку ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәара азҵаара рҽазыркит гәыԥҩык аҿарацәа афонд "Ашана" ацхыраарала. Агәыҳалалратә фонд аиҳабы Мактина... 17.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-17T10:50+0300
2022-05-17T10:50+0300
2022-05-17T10:50+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/11/1039132488_0:306:3072:2034_1920x0_80_0_0_681fa7f8c6a50d36d715012c7805e3fe.jpg
Џьынџьалԥҳа згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра аусурҭа роуразы: аусураҭаҩ изы феида алазароуп
Sputnik Аҧсны
Џьынџьалԥҳа згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра аусурҭа роуразы: аусураҭаҩ изы феида алазароуп
Џьынџьалԥҳа илҳәеит афонд ахь лассы-лассы ишааиуа зылшарақәа ԥку ауаа, аусурҭа иашьҭоу, уи аԥшааразы ацхыраара роурц иаҳәоит. Лара убасгьы иазгәалҭеит зылшарақәа ԥку ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәара азҵаара аԥшьызгаз аҿар рыбжьара дшыҟоу ауаҩы, апроблема хаҭала изныруа."Алшарақәа ыҟоуп, згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы. Ҳгәы иаанагоит аԥшьгамҭа иабзоураны аӡәы идымхаргьы аусура иоур, уи аҵак ду аанахәоит ҳәа", - азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.Афонд "Ашана" аиҳабы илҳәеит згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра рзы аџьатә закәан аҿы аԥсахрақәа ралагалара аҭахны ишылыԥхьаӡо."Зылшарақәа ԥку ауааԥсыра рзы аџьатә закәан аҿы имаҷны ахәҭаҷқәа арбоуп. Еиҳарак ашәахтәқәа рганахьалоуп. Зхатә бизнес еиҿызкаар зҭаху ауаҩы игәабзиара уашәшәыразар, ишәо ашәахтә иаҳа имаҷуп, аха уи феида дук аманы ҳәа ҳахәаԥшуам. Зылшарақәа ԥку ауааԥсыра аусурахь иргартә еиԥш анаплакҩы изы феида ыҟам. Иҟоуп ауаҩы уицхраар уҭахны дануго, аха иҟоуп уи феида аналоугьы, убри аганахьала азакәан аус адулара иаҭахны иҳаԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/11/1039132488_172:0:2903:2048_1920x0_80_0_0_b3b0e7080f0e41a0447e1d49325c3501.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Џьынџьалԥҳа згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра аусурҭа роуразы: аусураҭаҩ изы феида алазароуп
Зылшарақәа ԥку ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәара азҵаара рҽазыркит гәыԥҩык аҿарацәа афонд "Ашана" ацхыраарала. Агәыҳалалратә фонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит аԥшьгамҭа атәы инарҭбааны.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит афонд ахь лассы-лассы ишааиуа зылшарақәа ԥку ауаа, аусурҭа иашьҭоу, уи аԥшааразы ацхыраара роурц иаҳәоит. Лара убасгьы иазгәалҭеит зылшарақәа ԥку ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәара азҵаара аԥшьызгаз аҿар рыбжьара дшыҟоу ауаҩы, апроблема хаҭала изныруа.
"Алшарақәа ыҟоуп, згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы. Ҳгәы иаанагоит аԥшьгамҭа иабзоураны аӡәы идымхаргьы аусура иоур, уи аҵак ду аанахәоит ҳәа", - азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Афонд "Ашана" аиҳабы илҳәеит згәабзиара уашәшәыроу ауааԥсыра рзы аџьатә закәан аҿы аԥсахрақәа ралагалара аҭахны ишылыԥхьаӡо.
"Зылшарақәа ԥку ауааԥсыра рзы аџьатә закәан аҿы имаҷны ахәҭаҷқәа арбоуп. Еиҳарак ашәахтәқәа рганахьалоуп. Зхатә бизнес еиҿызкаар зҭаху ауаҩы игәабзиара уашәшәыразар, ишәо ашәахтә иаҳа имаҷуп, аха уи феида дук аманы ҳәа ҳахәаԥшуам. Зылшарақәа ԥку ауааԥсыра аусурахь иргартә еиԥш анаплакҩы изы феида ыҟам. Иҟоуп ауаҩы уицхраар уҭахны дануго, аха иҟоуп уи феида аналоугьы, убри аганахьала азакәан аус адулара иаҭахны иҳаԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.